Сентиабр 25 рзы Аԥсны Жәлар Реизара аилатәара мҩаԥысит. Амш хәаԥштә аҿы иқәгылан жәаха зҵаареи, еиуеиԥшым азҵаарақәа хԥеи.
Аилатәара аартын Аԥсны агимн арҳәарала. Актәи азҵаара азкын ашәахтә шәаратә система арманшәаларазы аиҭакрақәа рылагалара. Уи инарҭбаан дахцәажәеит адепутат Беслан Ҳалуашь. Иара иазгәеиҭеит, гәыԥҩык абизнес уааи ауаажәларратә палатеи рҟнытә ашәҟәқәа шроуз. Убри инамаданы акомитет аҟны еилацәажәаны, ишырыӡбаз атаблица аҟаҵара. Дара ирыдгалаз азакәан апроект аҟны иарбан 20 миллион рҟынӡа изырҳауа абизнес уаа 6 процентк рҟынӡа ашәахтә шыршәало, 25 миллион рҟынӡа зырҳауа 8 процентк рҟынӡа ашәахтә рықәзарц. Иара убас иазгәеиҭеит ари азакәан апроект аусура иалагаанӡа, иаԥҵоу «Азакәан ҷыда» иаԥымхӡакәа ишаанхо.
Иара убас Аԥсны Жәлар Реизара аилатәараҿы аратификациа азун Аԥсни Урыстәылеи Реқәышаҳаҭрала ахархәара рымазарц аӡбаратә усқәеи абжьаҟазаратә ӡбареи.
Ирыдкылан еиуеиԥшым егьырҭ азакәан апректқәагьы.