52 шықәса дшырҭагылаз, акыраамҭа ихьуаз ачымазара ӷәӷәа иахҟьаны, иԥсҭазаара далҵит арепатриант, Аԥсны Жәлар Реизара аԥшьбатәи ааԥхьара адепутат, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, «Ахьӡ-Аԥша» аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Сонер Неџьми-иԥа Гогәуа. «Ҩымзҟа раԥхьа уи Сҭампылынтәи диаргеит Москва ареабилитациатә центрқәа руак ахь. Ари ҳажәлар рзы, хаҭала сара сзы цәыӡ дууп», – Аԥсныпресс аҟны абас иҳәеит Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.