Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара аусбарҭа иаҵанакуа ашколқәа рҟнытә ашколхәыҷқәа злахәыз азҿлымҳара бзиа зауз аусмҩаҧгатә еиҿкаан Н.А. Лакоба ихьӡ зху ажәабатәи абжьаратәи Ашь­харыуаа ршкол аҟны. Зиубилеиқәа ыҟоу аҧсуа шәҟәыҩҩцәа рыҧсҭазаареи рырҿиамҭақәеи рыла «Аҧсуа литература аҧсы ҭоуп» ахьӡны ашколқәа рыбжьара имҩаҧган аицлабра. Аҟәа ақалақь аҵара аусбарҭа аиҳабы А. Ҭаркьыл-ҧҳа лзеиҧш напхгарала еиҿыркааз апроект ҷыдала аус адылулон аҵара аусбарҭа аҧсуа бызшәеи алитературеи рзы…
Аԥсныпресс. Жәлар Реиза­ра-Апарламент аҟны Риҵатәи Амилаҭтә парк аҭаларазы абилеҭқәеи Ареспубликатә унитартә наплакы «Г.Ш.Смыр ихьӡ зху Афонҿыцтәи аҳаԥы акомплекс» ахь аекскурсиатә билеҭқәеи рыхәԥса ашьҭыхра иадҳәаланы, ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҭҵаара иазкны аусуратә еилатәара мҩаԥысит. Аилатәара аартуа, акомиссиа ахантәаҩы, Жәлар Реизара аде­путат Асҭамыр Гьерхьелиа, иахьа Риҵатәи Амилаҭтә парки Афонҿыцтәи аҳаԥи рҭааразы абилеҭқәа рыхәԥса ашьҭыхра иадҳәалоу азҵаарақәеи, иарбоу атуристтә обиектқәа 2022 шықәсазы ру­сура аихшьаалақәеи, иҟоу…

Аҿиара амҩақәа

27 Мшаҧы 2023 11:44
Аҧсны ақыҭанхамҩа аминис­трра ахаҭарнакцәа Гал ара­ион иаҭааит ҩнызқьи ҩажәи ҩба шықәсазтәи ақыҭанхамҩа аҿиаразы апрограмма амҩаҧысшьа агәаҭаразы. Дара ир­беит араса аус ахьадыруло ацех, арахәааӡарҭа аферма, иара убас­гьы амандарина ахьеиҭарҳаз а ҭ ы ҧ қ ә а. А р ҭ а н а п л а к қ ә а аҧҵан анхацәа ақыҭанхамҩатә проектқәа реиҿкааразы изиааиз атендер иабзоураны.
Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me