Лаҵара 05, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аслан Бжьаниеи Максим Решетникови реиԥылара

Адырраҭара шыҟалахьоу аиԥш, ииуль 4 аҽны Аԥсны дыҟан Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә рҿиара аминистр Максим Решетников.

Уи Гагра иԥылеит Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Аԥсны Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Гагра араион Ахадара аиҳабы Иури Ҳагәышь, акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба.

Урыстәылатәи Афедерациа аекономика арҿиара аминистр иаара апрограммаҿы иазԥхьагәаҭан Аԥсны асоциал-економикатә рҿиара иазку Аинвестициатә программа инақәыршәаны Урыстәылатәи афинанстә цхыраарала еиҭашьақәдыргылауа аобиектқәа жәпакы рҭаара.

Аԥсны иусуратә ныҟәара инамаданы Урыстәыла аеко­номикатә рҿиара аминистр дырԥылеит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб.

«Урыстәыла аганахьала Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара аҽны инаркны шәара шәҳәынҭқарра ацхыраареи адгылареи рзы ҳтәыла иоунашьҭит 65 миллиард мааҭ инареиҳаны, – иргәалаиршәеит Урыстәылатәи аминистр. – Ҳҽазышәарақәа еилаҵаны иҳалшеит 500 инареиҳаны аобиектқәа реиҭакра, шьаҭанкыла асоциалтәи, анџьныртәи инфраструктура аиҭашьақәыргылара. Аԥсны ахатәы лагалақәа ирыцнаҵеит 41,5% инаркны 57% аҟынӡа. 2022 шықәсазы аҳәынҭқарра ахатәы лагалақәа наӡеит 8 миллиардк мааҭ рҟынӡа. Ҳазну ашықәс азы атәыла иалшеит ахатәы економикеи аенергетикеи рырҿиара ашҟа 900 миллион мааҭ инареиҳаны рдәықәҵара».

Урыстәыла аганахьала ацхыраара шыҟац иҟоуп. 2023 шықәсазы Урыстәыла 1,3 миллиард мааҭ анарбеит Аԥсны аинвестициатә программа ԥарала аиқәыршәареи аинвестициатә усура адгылареи рзы, иара убас 4,3 миллиард мааҭ – аҳәынҭқарра асоциал-економика рҿиаразы.

«Агәра ганы сыҟоуп, Аԥсны ҳаԥхьаҟагьы ахатәы малқәа ры­ла ишеиқәнаршәауа аусхк хадақәа, насгьы аекономикатә халаҟазаарахь амҩа ишацнаҵо, – иаҵишьит Максим Решетников. – Хырхарҭақәак инадыркны ҳтәылақәа ирылшеит зымҽхак ҭбаау аҳәынҭпрограммақәа рыдкыларахь акылсра. Аԥсны ишьақәнаргылеит амчреи абизнеси русеицура, иалшеит аинвестициақәа радԥхьалашьа. Урыстәылатәи ашьақәгылақәа раахәараз ахарџьқәа ршәара, аекономикаҿы иаланарҵәеит имаҷуи ибжьаратәуи абизнес адгыларазы льготала акредитҟаҵара ахархәага ҿыцқәа».

Аганқәа еихыршьалеит афымцамч аашьҭра, аҳәынҭқарраҿы аинвестициатә усура адгылара. Ҳазну ашықәс азы Урыстәыла Ахада 3 шықәса ҿҳәарас инаҭаны афымцамч аԥхьаӡагақәа рышьақәыргыларазы аҳәынҭқаррабжьаратә експорттә кредит ибзиоуп ҳәа ахиҳәааит. Уи 1,3 миллиард мааҭ артәоит. Ҳазну ашықәс актәи аквартал азы Урыстәыла иаанашьҭит планла иарбаз афымцамч амҽхак. Уи иартәоит 2,1 миллиард мааҭ. Аԥсны аекономика аинвестициақәа ралархәразы иаҭахуп анормативтә шьаҭа адкылара. Уи иалнаршоит акапиталтә лагалақәа рыхьчара, аинвесторцәа рыдгыларазы амҩақәа рыԥшаара, – иазгәеиҭеит Урыстәылатәи аминистр. – Ҳгәыӷуеит, Аԥсны ашықәс анҵәамҭазы аинвестициатә еиҩызаразы азакәан ҿыц рыдыркылап ҳәа. Насгьы афымцамчи аинвестициатә усуреи ирызку азакәанқәа иаҭаху аиҭакрақәа рылагалахап ҳәа.

Ашықәс анҵәамҭазы ҳтәылақәа ргәы иҭоуп аинвестпроект дуқәа ирызку аиҳабырабжьаратә еиқәышаҳаҭра анапаҵаҩра. Уи Урыстәылатәи аилахәырақәа алшара рнаҭоит апроект анагӡара аԥҟарақәа ԥсахра шырмоуа ала. Аԥснытәи абизесуаа азаказ ҿыцқәа риура иақәгәыӷырц рылшоит, ауааԥсыра ракәзар – аусурҭа ҭыԥ ҿыцқәа.

Ҳазну аамҭазы ареспублика иамоуп апроект дуқәа ҩба. Урҭ роушьҭразы акырӡа аҵанакуеит аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара. Уахь иаҵанакуеит Ԥицунда азааигәара асасааирҭақәа жәпакы рыргылара, аҳаиртә баӷәаза «Аҟәа» аиҭашьақәыргылара», – еихишьалеит Максим Решетников.

«Аԥсны планеиуаршәала инанагӡоит асоциал-економикатә рҿиара иазку аинвестициатә программа анагӡаразы ахыдҵақәа, даара акраҵанакуеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аҳәынҭқарраҿы уаҩы иахьибо ахатәы лагалақәа рышьҭыҵра, атауареиҭарсра аизҳара. Ҳара ҳзы акырӡа аҵанакуеит иҟоу алшарақәа рырҭбаара, ҳаирла аимадара аиҭашьақәыргылара. Иазгәасҭарц сҭахуп, абарҭ азҵаарақәа рганахьала Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара иҟарҵо адгылара. Агәра згоит, иҟаҵоу аҽазышәарақәа зегьы иаҭаху алҵ­шәақәа шаарышьҭуа», – иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me