Лаҵара 05, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Очамчыра араион аҿы амшцәгьааҧхасҭа ҕәҕәа ҟанаҵеит

Ииуль мза жәба инаркны излагаз ақәаура иахҟьаны Очамчыра араион аҟны ирацәоуп зҳәаақәа ирҭыҵыз аӡиасқәеи акәарақәеи, акырџьара аӡы иҵнаӡәӡәааит ацҳақәа, иарбгеит ақыҭамҩақәа.

Очамчыра ақалақь аҟны зыҩны аӡы ҩналаз ауааҧсыра рхыҧхьаӡара ашьақәыргылареи, урҭ ироуз аҧхасҭа аҭҵаареи рзы араион ахада Беслан Бигәаа идҵала иаҧҵоуп акомиссиа ҷыда. Уи иалоу напынҵас ирымоуп аҧхасҭа зауз шьақәыргыланы асиа ранҵара.

 Ҩымш раахыс еихсыҕьра змам амшцәгьа Аҧсны араионқәа акырџьара рҟны аҧхасҭа ҕәҕәа ҟанаҵеит.  Ашьхараҿы асы аӡыҭра ианаҿу аамҭазы, асырӡ иахҟьаны усгьы зыҩаӡара шьҭыҵны иҟаз аӡиасқәа, ақәаршаҩы анрыцла зынӡа рыҽдырцәгьеит, рҳәаақәа ирҭыҵны, ацҳақәа ҵыӡәӡәааны, ауаа ирыҵалеит.

Очамчыра араион ақыҭақәа Маркәыла, Лашькьындар, Ҧақәашь, Ҷлоу, Очамчыра ақалақь ахаҭагьы, аҧхасҭа ҕәҕәа роуит. Очамчыра араион ахада идҵала, ииуль жәаба рзы, шьыжьнаҵы, аҧхасҭа ахьыҟалаз аҭыҧқәа рҿы ауааҧсыра ацхыраара рыҭареи, амшцәгьа ахҟьа-ҧҟьақәа раҧырҟәҟәаареи рзы ирышьҭхьан изыхәҭоу аусбарҭақәа русзуҩцәа. Араион ахада Беслан Бигәааи, араион ахада ихаҭыҧуаҩ Артимон Габилаиеи арыцҳара ахьыҟалаз аҭыҧқәа ирҭааны игәарҭеит, иалыркааит зегьы ирыцкны иҟаҵатәу ашьаҿақәа. Очамчыра араион Лашькьындар ақыҭа иахьаҵанакуа ареспубилкатә мҩаду аҟны иху ацҳа аҧхасҭа аҭоуп. Лашькьындар ақыҭа иалсуа аӡиас маҷ аҽахьарцәгьаз иахҟьаны ацҳа уашәшәырахеит, иаарласны еиҭашьақәыргыламзар ибгар ҟалоит ҳәа ашәарҭара ыҟоуп. Иара убасгьы, ари аҭыҧ аҟны аӡы иагеит шықәсқәак раҧхьа иргылаз аӡкырҭа. Абжьааҧны злеишәа бзиоу аӡиас аҽанарцәгьа, ақаҭран аҟынӡагьы иааскьеит. Лашькьындар ақыҭаҿы иҟоуп зыҩны аӡы ҩналаз анхацәагьы. Иҧхасҭахаз аҩнымаҭәа анаҩсгьы, аӡхыҵра иқәнагеит анхацәа раарыхра зегьы. Ақыҭа аҳаблақәа руак ахь игоу амҩа аӡы иахьарбгеиз иахҟьаны анхацәа зеиҭаниааиртә иҟам, амҩа ианыҧсалаз абҕанҷеиҟара иқәнаӡәӡәааит. Араион ахада Беслан Бигәаа иажәақәа рыла, ари апроблема мышқәак рыла аӡбара алыршахоит. Уи азы иаҭаху адҵақәа ҟаҵоуп. Лашькьындар ақыҭа ахада Иури Ҵәыџьба иазгәеиҭеит амшцәгьа иарҿиаз аҧырҟәҟәаараҿы аҭыҧантәи анхацәагьы ирылшо ала ацхыраара шыҟарҵо.

Аҭагылазаашьа еиҕьӡам Ҷлоу ақыҭаҿгьы. Араҟа, ашьхаӡиас Дәаб иарбгеит ихыз ацҳақәа руак. Аҧхасҭа аҭоуп ақыҭақәа Ҕәадеи Ҷлоуи еимаздо ацҳагьы. Ҷлоу ақыҭа Аимара аҳабла акәзар, абахәра иаҿыбгаз анышә злоу ахаҳәымҿыхә аҳабла ахәҭак ахь узымнеиуа амҩа ашәаҳаит. Араион ахада актәи ихаҭыҧуаҩ Артимон Габилаиа иажәақәа рыла, Очамчыра араион иахьаҵанакуа аҧхасҭа зауз анхацәа зегьы рсиа шьақәыргылахоит. Араион ахадара ирылшо зегьы ҟарҵоит ауааҧсыра ацхыраара рыҭаразы. Араион анапхгара Ҧақәашь ақыҭа атехника ҷыда адгаланы шьыжьы инаркны ибгаз амҩа аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа нап адыркит.


Елана Лашәриаҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me