Очамчыра араион Акәасқьатәи абжьаратәи ашкол аклассқәа руак иахҵоуп Леон иорден за­нашьоу Валери Берхамов ихьӡ. Валери Берхамов хатәгәаҧхарала Аҧсныҟа еибашьра дааит Ҟабарда-Балкариатәи Ареспубли­ка ақалақь Бақсан аҟынтәи. Иара ихыҵуаз жәаф шықәса ракәын. Афырхаҵа дҭахеит марттәи ажәылараан.

Афырхацәа рбаҟаҿы

27 Мшаҧы 2023 11:49
Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Актәи Аԥснытәи амедицинатә форум аҽалархәразы арахь иааз Урыстәылатәи аҳақьымцәа рделегациа алахәылацәеи аҳҭны-қалақь Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы Афырхацәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Аусумҭа ду

27 Мшаҧы 2023 11:48
Аҧсны Аиҳабыра Реилазаа­ра аилатәарақәа рзал аҟны имҩаҧган аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аҧсуа ҵарауаа аус здырулоз аҭыжьымҭа ду «Аҧсны. Иаазыркьаҿу аенциклопедиа, 2-томкны» (урысшәала) аӡыргара. Аҭыжьымҭа аус адырулон аҭҵаарадырратә Центр «Аҧсуа енциклопедиа» амаҵ азызуа. Ашәҟәы аиҧшз еиҧшу ирышьашәаланы еиқәыршәоуп, еиднакылоит, иамҽханакуеит Аҧсны ҳәынҭқаррак аҳасабала ажәытәӡатәи аамҭақәа инадыркны ҳазҭагылоу аамҭазынӡа иаҵанакуа аазырҧшуа еиуеиҧшым ахырхарҭақәа, ауаажәларра-политикатә шьақәгылашьа инаркны, акульту­ра, аҟазара, алитература, афоль­клор, агеографиа, аҭоурых, аеко­номика,…
Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me