Арзаҳалқәа рыдыркылоит

Аԥсныпресс. Аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны иҟалаз аилкааразы акомиссиа Гагра араион аҿы аусура иалагеит. Арзаҳалқәа рыдкылара мҩаԥыслоит ааха зауз ахьынхо аҭыԥқәа ирыҵанакуа араионтә, ақыҭатә, аҳаблатә хадарақәа рҿы, ҳәа иаанацҳауеит Гагра араион Ахадара аофициалтә саит.

«Ҳара зегьы ачҳара аашәырԥшырц азы аҳәара ҟасҵоит. Аҳәынҭқарра иалшо ала зегьы ацхыраара рнаҭоит. Агәра ганы сыҟоуп, зегьы ҳамчи ҳахшыҩи еилаҵаны лыԥхала ари аҭагылазаашьа алҵра шҳалшо» – ҳәа араион ауааԥсыра рахь ихы ирхеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. Ақыҭақәа Лӡаа, Алаҳаӡы, Ԥсахара, Бзыԥҭа аҳабла рхадарақәа зыҩнқәа ааха зауз рҟынтәи арзаҳалқәа рыдкылара иалагоит.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me