Аскульптор қәыԥш

Асахьаҭыхра – даара аинтерес зҵоу, уаҩ дызгәылазхало, дхызхуа, дзырхәыцуа занааҭуп. Асахьаҭыхҩы игәазыҳәарақәа, ихәыцрақәа, аԥсҭазаара еиуеиԥшым аганқәа иара ихатәы блала ишибо рныԥшуеит уи шәыга хкыла ихырҷаны, еиҿыбааны, ажәада иааирԥшуа, иҭихуа асахьақәа, ахәаԥшҩы идигало аусумҭақәа.


Шамахамзар, дыҟам зхәыҷра ашықәсқәа рзы асахьаҭыхра иазҿлымҳам, бзиа изымбо, аха ари азанааҭ бзиа абара мацара азхоны иҟам. Сахьаҭыхҩык иаҳасабала ауаҩы ишьақәгылараҿы ихадароуп, иагьхымԥадатәиуп – абаҩхатәра иаша.
Асахьаҭыхҩы қәыԥш Темур Аҳәба, асахьаҭыхҩцәа аӡәырҩы реиԥш, иҟазара хациркит аҿыханҵа ала. Аха ҳаиҿцәажәараан уи излазгәеиҭаз ала, аҿыханҵа акәама-ҵама иаҵоу рацәоуп, аԥшшәқәа ралхра, реиҿыбаара уҳәа анапаҿы аагара ауадаҩрақәа ацуп. «Хаҭала, сара аскульптура ахырхарҭа ахь сиасит, уи еиҳа исза-аигәаны, исыцааиуа избеит», – иҳәеит уи. Темур Аҳәба 7 шықәса ҵуеит аскульптура аҟазара ахкы аҿы ихы ааир­ԥшуеижьҭеи. Уи дравторуп акымкәан-ҩбамкәан аусумҭа хатәрақәа. Ааигәа, уи иаԥиҵеит, даарагьы иқәҿиаз аусумҭақәа ируакуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Абираҟи Агерби равтор Валери Гамгиа ихаҿсахьа, ибиуст.
Хаҭала, арҭ ацәаҳәақәа равтор, сахьаҭыхҩык иаҳасабала Темур Аҳәба иусумҭақәа сԥыхьамшәацызт, машәыршәа феисбук адаҟьақәа рҿы В.Гамгиа ибиуст анызба аинтерес сызцәырҵит, зхаҭара ҳараку ауаҩ ихаҿсахьа аарԥшра, уи иацу аҭакԥхықәра иацәымшәакәан изгәаӷьыз аскульптор қәыԥш иеилкааразы. 27 шықәса зхыҵуа аскульптор қәыԥш иус идыруеит, дазҟазоуп. Уи абаҩхатәра илоу инаҷы-дангьы даара аԥсуаҵас ахымҩаԥгашьеи ааӡареи злоу арԥысуп. Ахӡыргара зцәаҩам аскульптор қәыԥш ҳредакциахь данымҩахыҵуаз, аус ицызуа, иусумҭақәа раԥҵараҿы ивагылоу, ицхраауа аформатор Аинар Гәымба диманы дааит. «Узыхьчо ауаҩы ида умныҟәаӡои» – ҳәа алафгьы ҳҳәеит.
Темур ҳазҵаарақәа рҭак аҟаҵара иҽагәылеихалацәомызт, ажәак-ҩажәак рыла иааркьаҿӡаны аҭак ҳаиҭон. Ииашаҵәҟьаны ахӡыргара ицәаҩам, иҭак ҟаҵашьалагьы уаҩ дацәымҩашьо ибартә иҟан. Анаҩс, еилаҳкааит Аинар баша дшымҩаԥимгоз. Темур иаҳҭоз азҵаарақәа рҭак ахарҭәаараз Аинар иахь ҳхы ҳархон.
Ҳаиҿцәажәараан асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аԥшьбатәи акурс астудент инаҵшьны иазгәеиҭеит хаҭала, еицырдыруа асахьаҭыхҩы Валери Гамгиа ибиуст аҟаҵара аидеиа Темур Аҳәба ишизцәырҵыз, ари аусумҭа авторс дшамоу. «Сара Ҭемыр аусумҭа анхиркәша ашьҭахь, аформа ахысхит, уи 2-3 мшы рыла иҟауҵо аус ауп», – иҳәеит уи.
Атемақәа шԥалухуеи, насгьы иарбан темоу еиҳа иузааигәоу? – ҳәа азҵаара иаҳҭаз аҭак ҟаҵо, Темур иазгәеиҭеит: «Сырҵаҩы Амиран Адлеиба атемақәа ансыдигалало ыҟоуп, инагӡатәу адҵақәа аныҟоугьы, аха сара сзы игәыԥсыршьагоуп сгәы ззыҳәо, схатә гәаԥхарала иалхны аус здызуло атема. Аҵыхәтәантәи аамҭазы аус зды-зуло, сусумҭақәа схала иалысхуеит. Сҽазысшәоит зхаҭара ҳараку, иара ус исзааигәоу ауаа рхаҿсахьақәа раарԥшра, рбиустқәа аҟаҵара. Аибашьра атема ала аус аура, уи атема аарԥшра сцәыуадаҩуп, исцәыхьанҭоуп агәырҩа иазку аусумҭақәа раԥҵара».
Темури Аинари ҳаиҿцәажәараан излазгәарҭаз ала, абиуст аҟаҵараан раԥхьа анышәаԥшь ахархәара арҭоит, аусумҭа анхыркәшахалак агипс ала ихырҩоит, аус адырулоит, уи ашьҭахь ианбалак, ҽыҭ-ҽыҭ ахәҭақәа амхны, аҩнуҵҟа иҭацәны инымхарц, игәылдырҭәаауеит, иамырхыз ахәҭақәа нас ҿыц еибыҭаны, идырԥшӡоит. «Аскульптор абиуст аныҟеиҵо, зхаҿсахьа аарԥшу ауаҩы иҟазшьа аныԥшуа, илакҭа, иԥшышьа уҳәа еиқәырхатәуп. Урҭқәа зегь ҟазарыла дазнеины иазгәеиҭароуп, еиқәирхароуп, аус адиулароуп», – рҳәеит аҩыџьегьы.
Темур иусумҭақәа рахьтә еиҳа иаликаауа ишреиуоу азгәеиҭеит Валери Гамгиа, Сер-геи Габелиа, Ҭенгиз Кәыпраа уҳәа ирызку аусумҭақәа. Ҳаиҿцәажәараан инаҵшьны иҳәеит ианду Фениа Џьынџьали аҵара ицызҵоз иҩыза Давид Чкотуеи ирызку ау-сумҭақәа шаԥиҵахьоу, Темур иажәақәа рыла, игәы иақәшәаз ауаа рхаҿсахьа аарԥшра, рбиуст аҟаҵара агәаҳәара изцәырҵуеит лассы-лассы. Урҭ дыруаӡә́куп збиуст ааигәа ихирќәшаз аҵарауаҩ, Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.
Аскульптор қәыԥш иусумҭақәа изныкымкәан ицәыргақәиҵахьеит Аԥсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла иатәу Ацәыргақәҵатә зал хада аҟны. Аха, хаҭалатәи иусумҭақәа рцәыргақәҵа аиҿкаара макьана изаацәаны иԥхьаӡоит.

Алиса Гәажә-ԥҳа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me