Амузыкатә культура ахәышҭаарақәа реиҭарҿиараҿы аҭыԥ ду ааникылоит раԥхьатәи аԥсуа дирижиор Лев Григори-иԥа Џьергениа. Уи ихьӡ иамадоуп Қарҭтәи аконсерваториа арахәыцтә ҟәша, анаҩсан адирижиортә ҟәша данрылга ашьҭахь сахьаркыратә напхгаҩык, дирижиор хадак иаҳасабала напхгара ззиуаз Аԥсны Асимфониатә аркестр аиҭарҿиара.
Лев Григори-иԥа аопера-симфониатә ҵарадырра зауз раԥхьатәи аԥсуан, аригьы акырӡа зҵазкуаз еихьӡаран. Лев Григори-иԥа 27 шықәса ракәын ихыҵуаз, иԥсадгьыл ахь, Аҟәаҟа ааԥхьара анирҭаз, иагьидыргалеит иара еиҿикааз Асимфониатә оркестр амузыкантцәа ҿарацәа аҵара дирҵарц азы Аҟәатәи амузыкатә техникум аҟны аҵара аҟәша аиҳабы иҭыԥ. Усҟан амузыкантцәа рхыԥхьаӡара наӡон 60-ҩык. Уахь иаҵанакуан атехникум аҟны иреиӷьыз арҵаҩцәа, аушьҭымҭацәа, аха урҭ рхыԥхьаӡарагьы азхоны иҟамызт. Усҟантәи аиҳабыра, абри апроблема аҵакы еилкааны, егьырҭ атәылақәа рҟнытәи амузыкантцәа аарыԥхьеит, нхарҭала, уалафахәыла еиқәдыршәеит. Арҿиаратә коллектив ррепертуар злашьақәгылаз аԥсуа композиторцәа рырҿиамҭақәа рыла акәын.
Лев Григори-иԥа адоуҳатә традициақәа дрымҩаԥгаҩын, аԥсуара дықәныҟәон, иагьилааӡан, усҟантәи аамҭа аетикатә, аестетикатә хымҩаԥгашьақәа дрыцәхьаҵуамызт. Иагьилшон ациклтә формақәа рыхәҭақәа реидкылара, реизакра, иагьдирбон қәыԥсычҳамҭак ала арҿиамҭақәа раԥҵара аконцепциа. Дуаҩы еилҟьан, илшон дагьгәаар, аха уи иаарласны ихыԥсаауан. Аамҭакала астудентцәа рахь ахшыҩзышьҭра ааирԥшуан, дырзыҳаҵҳаҵон, дқьиан.
Лев Григори-иԥа Џьергениа иоуп изтәу раԥхьатәи аԥсуа опера ақәыргылара аидеиа. Усҟантәи аамҭазы ари аус анагӡара алшом, иҟам арҿиаратә мчқәа ҳәа зыԥхьаӡозгьы ыҟан.
1984 шықәса март 6 азы С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟны имҩаԥысит акомпозитор Дмитри Шведов раԥхьатәи иаԥсуа опера «Аламыс» апремиера. Уи иқәиргылеит арежиссиор Дмитри Кәартаа, адирижиор Лев Џьергениа инапхгарала.
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Лев Џьергениа аус иуан К.В.Ковач ихьӡ зху Аҟәатәи амузыкатә школ адиректорс.
Аԥсны амузыкатә ҭоурых аҟны уи илагаламҭа аҵыхәтәанынӡа аҭҵаара ҳҿаԥхьа ишьҭоуп, аха еилкаауп акызаҵәык: аԥсуа музыкатә жәҩанеибаркыраҿы уи шарԥиаҵәаны дыҟан.
Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru
Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com