1939 шықәса ианвар 5 рзы иаҧҵан Аҧсны асовет сахьаҭыхҩцәа Реидгыла. Сынтәа уи 85 ш. ахыҵит.Маҷк аҭоурых ҳазхьаҧшуазар, 1935 ш. Аҧсны аҵара азы Жәлар ркомиссариат Аҧсны Ацентртә Анагӡаратә комитет ахь ажәалагала иҟанаҵаз ала, «Аҧсны асовет сахьаҭыхҩцәа Реидгыла аиҿкааразы» ҳәа ақәҵара аднакылеит. Убри ашықәс азы Аҧсны акультуратә ҧсҭазаараҿы ахҭыс бзиа ҟалеит. Н.А. Лакоба дрыцырхырааны асахьаҭыхҩцәа иаадыртуеит асахьаҭыхҩцәа ҩышықәсатәи ршкол. 1937 ш. акәзар,…