Арепрессиақәа ирыладырӡыз Рымш

Октиабр 30 азы Аԥсны аполитикатә репрессиақәа ирыладырӡыз ргәалашәара Иамшын.

Сариа Лакоба лыхьӡ зху абаҳчаҿы имҩаԥысит урҭ ирызку абаҟа ашьапаҿы ашәҭқәа рышьҭаҵара. Иалахәын Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, Аиҳабыра иалоу, Жәлар Реизара адепутатцәа, ауаажәлар рхаҭарнакцәа.

Абри аамҭа бааԥс иалаӡит Асовет Еидгыла иахьаҵанакуаз миллионҩыла акымзарак зхарамыз. Аԥсуа жәлар ари даара ӷәӷәала ирыхькьысит. Аҩажәатәи ашәышықәса 30-40-тәи ашықәсқәа раан быжьнызқьҩык инареиҳаны харада идырӡит.

Абри аҽны иаҳгәалаҳаршәоит Сталин ирежим иаҿаҵахәхаз миллионҩыла ауаа. Иаҳараӡак ауаа рацәаҩны идырӡит 1937 шықәсазы. Аԥсны политикала ашьклаԥшра иаҵанакит ауааԥсыра зегьы: анхацәа, аусуҩцәа, ашәҟәыҩҩцәа, апоетцәа, аҵарауаа, арҵаҩцәа, аҳақьымцәа, аполитикатәи ауаажәларратәи усзуҩцәа. Аԥсны аҩажәатәи ашәышықәса 20-тәи ашықәсқәа, 30-тәи ашықәсқәа рыбжаразынӡа массала арепрессиақәа ыҟамызт. Урҭ ианрылагаз Аԥснытәи АССР ЦИК Ахантәаҩы Нестор Лакоба Қарҭ Лавренти Бериа ашҳам иҭаны данҭаирха ашьҭахь ауп.

Сталин ирепрессиақәа рышықәсқәа раан Аԥсны ацәыӡ дуқәа аиуит. Зхыԥхьаӡара маҷыз аԥсуа жәлар ақәӡаара ахықә инхықәгылеит.

Ихарҭәаам адырраҭарақәа рыла, 1937 шықәса ииуль инаркны 1938 шықәса ноиабр азынӡа Аԥсны идырӡит 2186-ҩык, убраҭ рахьтә 748-ҩык ршьит, 377-ҩык бжьаӡит.

1937 шықәса маи азы XV Аԥснытәи апартконференциаҿы иалырхыз Аԥснытәи аобком алахәылацәа 51-ҩык рахьтә идырӡит, иршьит 39-ҩык. 1937 шықәсазы иалхыз Аԥсны ЦИК алахәылацәа 110-ҩык рахьтә 78-ҩык дырӡит. 1937 шықәса инаркны 1942 шықәсазынӡа Аԥсны аҭҵаарадырратә, арҿиаратә интелигенциа зегьы ықәыргеит.

Аполитикатә репрессиақәа ирымпыҵахәхаз ргәалашәара Амш Аԥсны иазгәарҭоит 2006 шықәса раахыс. Убасҟан еиҿкаан аполитикатә репрессиақәа ирымпыҵахәхаз рыриашаразы Аԥсны Ахада иҟны Акомиссиа.

Аҟәа аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз рбаҟа ргылан Аԥсны Жәлар Реизара ахыбра аҿаԥхьа 2011 шықәса октиабр азы. Абаҟа авторс дамоуп асахьаҭыхҩы Зураб Ҭыжәба.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me