Ахьаҵлақәа еиқәырхатәуп

Аԥсуа ибзазараҿы ахьаҵла жәытәнатә аахыс аҭыԥ ду ааннакылон. Уи иалырхуаз аҩнымаҭәахә зегь реиҳа зхаҭабзиара ҳараку, анҵыра бзиа змоу рахь иԥхьаӡоуп. Иара ахьа ахаҭа аԥсуаа еиуеиԥшым аамҭақәа рзы илаганы афатә алаҟарҵон, уи иалырхуан аҳалуа, ақалмышь, амгьал.

Ахьа ижәны шәырҵас ахархәара ду амоуп.
Иахьа ҳаԥсабара аиқәырхара иазҿлымҳау ирбарҭоуп ари аҵла хкы – ахьаҵла аныӡаара ахықә ин­еины ишаахықәгылаз. Хымԥада, аи аиқәырхаразы ирацәоуп иҟаҵатәу аусмҩаԥгатәқәа.
Абри азҵаара аӡбара иазкны ааигәа акультуратә платформа «Гәыма» еиҿкаан аусмҩаԥгатә-цәыргақәҵа. Уи рыбзоуроуп Аҟәатәи або­таникатә баҳчеи Аԥснытәи аҳә­ынҭқарратә музеии русзуҩцәа.

Араҟа еиҿкаан афотоцәырг­ақәҵа. Аԥсны иуԥыло ахьаҵлақәеи, ахьа иалху аҩнқәеи рфотоқәа аҭааҩцәа ирбарҭан. Аԥснытәи аҳә­ынҭқарратә музеи аусзуҩцәа рнапхгарала еиҿкаан ачеиџьыка, астол рхиан ахьа иалху ачыс хаақәа рыла.
Аԥснытәи абнақәа, иҳаҵанакуа аҭыӡҭыԥқәа рҿы ахьаҵлақәа рҭагылазаашьа дахцәажәеит Аботаникатә институт анапхгаҩы Едуард Гәбаз: «Аԥсуаа рзы ахаангьы ахьаҵла иԥ­шьоу аҵлақәа ирхыԥхьаӡалан, аҭәаҵла, аџьҵла, ашыцҵла зегьы реиԥш, ахьаҵлагьы иамҵахырхәон ҳажәлар, аха рыцҳарас иҟалаз, ашыц ҵлақәа абжеиҳарак шықәӡааз еиԥш, ахьаҵлақәагьы ақәӡаара амҩа инхықәгылеит, аҵарауаа абри апроблема аӡбара ҳҽазаҳшәароуп. Уи аҩыза аӡбатәы ҳтәыла мацараҿы акәӡам иахьцәырҵуа. Ари адунеи зегьы иахыҵәахьоу акоуп. Аҵарауаҩ, апрофессор Сергеи Бебиа ари азҵаара аӡбаразы акыр атәылақәа дырҭаахьеит, иҭиҵаауеит ачымазара ихҭанакыз ахьаҵлақәа рыхә­ышәтәраз имҩаԥырго аусхкқәа, агәыӷра ҳамоуп ҳапроблема аӡбараҿы иҳахәап ҳәа», –азгәеиҭеит иара.
Аԥсны ахьаҵлақәа ахьеизҳауа абна 50000 гектар аҵанакуеит. Еиҳараӡак ахьа-ҵла рацәаны иуԥылоит аӡиас дуқәа Гәымсҭа, Кәыдры, Бзыԥ, Ԥсоу уҳәа ирыԥну абнақәа рҟны, араҟа 5% инарзынаԥшуа абнара ахьаҵла иааннакылон.

Анаукатә усзуҩы, апрофессор Сергеи Бебиа иажәақәа рыла, иахьа Аԥсны иҳамоу ахьа-ҵлақәа ачымазара ихҭанакны иамоуп, убри аҟнытә, урҭ реиқәырхаразы агибрид хкқәа еихаҳаны апитомникқәа ҟаҵатәуп, усеиԥш еихауҳаз ахьаҵла 40 шықәса рҟынӡа ашәыргьы унаҭалоит, амҿлыхгьы ухы иузархәоит, амала нас иԥхасҭахоит. Кавказ иа­­з­ҳауеит 14 хкы инарзынаԥшуа ахьаҵлақәа. 10 шықәса рахь­­­­тә знык ҳахьа-ҵлақәа рҭагылазаа­шьаа гәаҭалатәуп, аха ҳара 1980 шықәса раахыс уи аҩыза агәаҭара мҩаԥаҳамгац. Ауаҩытәыҩса ифактор ауп еиҳарак ҳара ҳаԥсабара ыҵазырбго, иааҟәымҵӡакәа ахьа-ҵлақәа ԥырҟоит неилыхрада, убри аҟынӡа имаҷхеит, иҳампыҵӡааит ҳҳәаратәы. Ҵыԥх акыр аџьа адбаланы иаанаҳкылеит Кәыдры аиҩхааҿы 16 гектар, ҷыдала ахьа-ҵлақәа реиқәырхаразы.
Зегьы иаҳдыруазароуп, ҳабнақәа рбеиара ала шакәу ҳаԥсҭазаара шышьақәгылоу, абна иахьчоит зегь реиҳа ицқьоу ҳӡыхьқәа, ҳҳауа», – иҳәеит аҵарауаҩ иқәгылара хыркәшо.

Ари апроблема аӡбаразы, ахьа-ҵлақәа реиқәырхаразы ргәаанагарақәа рҳәеит амузеи анаукатә усзуҩы Жанна Гериеи АБНИЛОС анапхгаҩы Витали Леибеи. Аексперт Михаил Қириа иҳәеит Аԥсны ахьа-ҵлақәа зегьы 90% рҟынӡа «орехотворка» ҳәа изышьҭоу ачымазара иамҽханакны ишыҟоу, уи зыхьыз аҵла ашәыр ҿалаӡом. Шамахамзар зегьынџьара инаӡахьеит, акызаҵәык Тҟәарчалтәи абнақәа рҿы изызҳауа ахьа-ҵлақәа макьаназы еибгоуп акәымзар. Ԥсыхәак азыӡбамзар, аҽа шықәсыкала уанӡагьы инаӡоит ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аҵарауаҩ Сергеи Бебиа игәаанагарала, аҭҵаарақәа инырқәшәоит ахьаҵлақәа Аԥсны реиқәырхаразы иаԥҵатәуп аплантациақәа ичмазаҩым ахьақәа еихаҳаны. «Уаанӡа ара аҵла шәышықәса инеиуазҭгьы, иахьа 50 шықәса роуп иахьынӡанеиуа, аха иага ус акәзаргьы, анаукатә усзуҩцәа, аспециалистцәа зе­гьы рыхшыҩи рымчи еилаҵаны ахьа-ҵла еиқәырханы иааиуа абиԥара ираҳҭароуп. Ари иаҩызам ҳара ҳазиааихьоу ацәырҵрақәа, сгәы иаанагоит уигьы ҳаиааиуеит ҳәа», – абас иажәа хиркәшеит зегьы реиҳа ари апроблема збарҭоу ҳҵарауаҩ Сергеи Бебиа.

Наира Сабекиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me