Арок Аԥсны аибашьра ҟалаанӡагьы иҟан, аԥсуа музыкантцәа рҽазԥыршәон уи аԥҵара, аха хазы арок-гәыԥ ҳәа иҟамызт. Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Џьамбул Жорданиа еиҭеиҳәоит, арок ҳтәылаҿы еиҳарак аларҵәара аиуит 80-тәи ашықәсқәа раан. Акассетақәа анцәырц ауаа иаҳа игәцараркит.
«Уи сара сқәыԥшраа аамҭа акәын, 14-15 шықәса схыҵуан. Апластинкақәа рахьынтә акассетақәа рахь ҳаниас, иаҳа имариахеит ашәақәа рҭаҩра, ауаагьы дара-дара еимырдо иалагеит. Сашьа арок ашәақәа зныз акассетақәа анысзааига, изакәи ари агитарақәа рыбжьы иго сҳәан, исыдсымкылеит аханатә. Аха нас, бзиа избеит. Арок аҟазшьа иҿацаӡа апарпыл џьыка еиԥш иҟоуп», - еиҭеиҳәоит Џьамбул.
Усҟан Џьамбул Жорданиа Очамчыра дынхон. Арок агьама аник, егьырҭ ашәақәа зегьы ицәымыӷӷхо далагеит. Ақалақь аҿы уамак иазыӡырҩуаз дыҟамызт, х-ҩык аиҩызцәа, амузыка абзиабаҩцәа, Александр Шьоууеи, Леонид Мельникови, иареи рыда. Џьамбул уи аамҭаз амузыка аҩра далагахьан. Аиҩызцәа иадырҳәон, аха ауаа рахь ицәырымгакәа. Ашьҭахь Александри Џьамбули Аҟәа амузыкатә ҵараиурҭа еицҭалеит.
«Убри аамҭаз иҟалеит ансамбльқәа рацәаны. Зегь реиҳа зыхьӡ нагаз «Аԥсны-67», ансамбль «Дад» Заур Зыхәба дызхагылаз. Нас Борис Џьопуеи Валери Багаҭелиеи рансамбльқәа цәырҵит. Уи ашьҭахь Омар Сангәлиа ихатә ансамбль еиҿикааит. Иаргьы арок дыхәмаруан, аха иҿацаӡа абжьы зыргоз ансамбль ыҟаӡамызт. Сара уи аамҭаз ҩба-хԥа ашәа аԥҵаны исыман арок ахкы ала, аха иахьцәырызгоз сымаӡамызт», -игәалаиршәоит Џь.Жорданиа аибашьра ҟалаанӡатәи аамҭа.
Раԥхьатәи арок-ансамбль ҳәа Аԥсны ицәырҵыз агәыԥ «Нарҭ» ауп. Уи алахәылацәа Ҭемыр Сымсым, Асҭамыр Бганба, ????Агәмаа роуп раԥхьа аԥсышәала арок ашәақәа аԥҵаны ауаа идзырҳаз. Аха урҭ рацәамыт, еиҳарак ирҳәоз атәым бызшәала ажәытә рок акәын.
Уи нахыс ицәырҵит даҽа гәыԥк - Борис Саакиан дызхагылаз. Урҭ рхатә ашәақәа рҳәон, аха урыс бызшәала. Аԥсышәала раԥхьатәи арок- концерт ҟазҵаз агәыԥ «Аихауардын» ауп, Џьамбул Жорданиа дызхагылаз. «1996 шықәса рзы «Аихауардын» ҳәа ансамбль еиҿаҳкааит. Наур Хупориа вокалистс дҳаман. Владимир Ураков агитараҿы дыхәмаруан. Артур Калаиџьан адаулқәа рҿы дыҟан. Сара абас-гитараҿы сыхәмаруан. Аурыс драматә театр аҿы аконцерт ҟаҳҵеит. Аԥхьатәи сара сашәақәа, арок ашәақәа хәба раҟара, убра иаҳарҳәеит. Егьырҭ зегьы урыс ашәақәан. Наур иаԥиҵаз ракәын. Даара ибзианы ирыдыркылеит ауаа. Атеатр азна ауаа ҳаман. Уи нахыс ҩынтәҟа ҳақәгылеит ауп, уаҳа иамуӡеит», - еиҭеиҳәоит Џьамбул.
Иара игәаанагарала арок Аԥсны аҿиара бзиа аманы иҟалеит Аҟәатәи аҿар рыҩны анаартха ашьҭахь. Џьамбул агитара арҵаҩыс уаҟа аус иуан. Уи аамҭаз аҿар ззыӡырҩуаз Metallica, Виктор Цои иашәақәа ракәын. Ирацәаны ахәыҷқәа агитара иаднаԥхьало иалагеит. «Агитара агьама узыркыҵәҟьо арок- музыка ауп. Ирмарианы агитара унарҵоит. Агәацԥыҳәара унаҭоит ахәмарразы. Шықәсык иалагӡаны ансамбль аиҿкаара ҳалшеит. Сара агитара акәын идсырҵоз, аха ансамбль аԥышәа сымамзи, «Аихауардын» иаҭынхаз аинструментқәагьы снапаҟны иҟан. Ахәыҷқәа идсыркит. Марколиаа аишьцәа, Алхаси Алмасхани раб аелектрогитара рзааихәеит. Анри Гәымба, Марколиаа уи аамҭаз ансамбль аҿы ахәмаршьа агьама ркит. Ҩбаҟа-хԥаҟа концерт дсырҟаҵеит. Аҿар рыҩны имҩаԥнагоз ауснагӡатәқәа зегьы ирылахәын аҟынтә аԥышәа бзиа дырҳаит. Урҭ ирҿырҵаауа иалагеит ирышьҭанеиуаз аҷкәынцәагьы. Ҳуада мацараҟны быжь-ансамбльк иит», - еиҭеиҳәоит Џьамбул.
Аҿар рыҩны ауада аҟны иит арок-гәыԥ «Ашьхардац». 2004 шықәса рзы, Анри Гәымба, аишьцәа Марколиаа, Анзор Баркаиа, Џьамбул Жорданиа зланы ҿыц еиҿкаахаз агәыԥ аконцерт мҩаԥысит. Џьамбул иусуратә уадаҿы иахьагьы икыдуп усҟан иҟаҵаз афиша. Аконцерт ахы инаркны аҵыхәанӡа арок ашәақәа мацарала еиҿкаан, ԥсышәала мацара.
Уи аамҭаз Аԥсны арок-гәыԥқәа анырацәаха, 2005 шықәса рзы раԥхьаӡа акәны еиҿкаан арок-фестиваль. Анаҩс иара еиҭа хышықәса инеиԥынкыланы имҩаԥысуан, аха уаҳа анарха аимуит. «Афестивальқәа рҿы ҳақәгылон акәымзар, ҳхатә концерт знык ада иаҳзыҟамҵеит. «Ашьхардац» иахьагьы иҟоуп, аха амузыкантцәа ҳҽааизганы ҳахәмарӡом. Доусы хазы-хазы аус ҳуеит. Даара ибзианы ирызҳаит агәыԥ алахәылацәа. Сгәы рыладууп зегьы. Анри Гәымба астудиа анааирт, ҩашәак анаҳҵеит - «Анцәеи ауааи», «Ахьча Сакьеи». Уи ажәлар ражәақәа рыла иҩуп, аха ҳара арок вариант ҟаҳҵеит», - иҳәоит Џьамбул.
Агәыԥ «Ашьхардац» инаныгӡоз ашәақәа рахьтә, Џьамбул иажәақәа рыла иаԥҵаз рҟнытә еиҳарак аларҵәара аиуит «Акаҷбеи», иара убас «Аураашьа».
Иара иазгәеиҭоит иахьагьы арок «дшазгагоу». Уи еиуеиԥшым ажанрқәа рахьынтә амелодиа змоу, аҵакы змоу ахь иаҳа ихоит. «Сара ус баша ажәақәа сырзыҟаӡам. Ажәа аҵакы амазароуп, ауаҩы игәаҵанӡа инеиуа иҟазароуп. Еиҳарак афилософиатә ҵакы змоу роуп бзиа избо. Иахьа арок акәым, аестрадатә ҟазара Аԥсны даара иԥсыҽуп. Аҿар ыҟоуп, аха урҭ еидызкыло дыҟам», - иазгәеиҭоит Џьамбул.
2008 шықәса рзы «Ашьхардац» алахәылацәа ааԥхьара рыман Санкт-Петербург имҩаԥысран иҟаз арок-фестиваль ахь, аха амузыкантцәа уахь ицартә еиԥш изыҟамлеит. «Аԥсны иҟаз Урыстәылатәи амузыкантцәа ирысҭеит ашәа «Аураашьа». Анри Гәымба адаул аҿы ихәмарра агәыԥ «ДДТ» анапхгаҩы Иури Шевчук ианиаҳа, дысзасит. Афестиваль ахь ааԥхьара ҳаиҭеит. Аха, усҟан Аҟәа ахақәиҭтәра 15 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәа ду аиҿкаараҿы сыҟан, цашьа ҳамамызт. Уи иахьагьы сгәы иалоуп. Аԥсны амузыка аганахьала ҳахьӡ ҭнагон ҳцаны иҟалазҭгьы. Усҟан ҳмузыка аҩаӡара ҳаракны ишьеит иара», - еиҭеиҳәоит Џьамбул.
Уи аамҭаз Аԥсны қәҿиарала иқәгылон даҽа рок-гәыԥгьы – КА-50. Иара напхгара аиҭон Рустам Харцызов. Аха урҭгьы гәыԥк аҳасабала џьаргьы иқәгылом, амузыкантцәа ракәзар, хазы-хаз уск-уск иаҿуп. Иаанхаз акык-ҩбак рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Гәдоуҭатәи агәыԥ, «Порты» ҳәа хьӡыс измоу. Уи иит 2017 шықәса рзы. Аханатә агәыԥ иалан Александр Иленко, Сармат Тигиев, Леван Аиба, анаҩс Леван агәыԥ анаанижь, Тимур Бибик даарыԥхьеит.
Александр иҳәоит агәыԥ аԥсы ҭаны иҟазарцаз зегь реиҳа ихадоу ауаҩы иҟазшьа ауп, нас ауп аҟазара ангылоу. Агәыԥ уажәы аҩбатәи альбом аҭаҩра иаҿуп. Уаҟа иҟалоит ашәақәа жәаҩа. Абжьы аус адыруларан иҟоуп Урыстәыла. Анаҩс уи еиуеиԥшым амузыкатә сервисқәа рахь инагахоит. Аҷкәынцәа иҟарҵо зегьы гәыблырала иазнеиуеит, уи аус бзиа ирбоит.
2023 шықәса рзы «Порты» ыҟан Владикавказ арок-фестиваль аҿы. Рхатәы шәақәа жәаба уа инаргыӡеит. Ауаа ҳаурышьҭыр рҭахымызт, иҳәоит Александр.
«Уи агәахәара ду ҳнаҭеит, иаҳзыӡырҩуазгьы рыла иубон, даргьы ишыргәаԥхаз. Аконцерт амҩаԥгараҿгьы иумазароуп аԥышәа, ауаа унапахьы раагара ус имариам, ақәҿыҭра бзиа умазарцаз урҭ рымаршәа ктәуп», - иҳәоит Владикавказ рықәгылара атәы еиҭаҳәауа иара.
Ари афестиваль иаҳнаҭеит аԥышәа бзиа, иазгәарҭоит амузыкантцәа. Сармаҭ Тигиев – аханатә агитараҿы дыхәмаруан, аха нас адаул ахь диасит. Авидеоурокқәа рыла ихала иҵон ахәмаршьа аинструмент ҿыц аҿы. Амузыкахь исыхоит, исҭахуп ахәмарра, аконцертқәа рҿы ақәгылара, иҳәоит иара.
Сармаҭ еиҭеиҳәоит зегьы реиҳа ихамышҭуа хҭысны ишыҟалаз, иан акҿыҩраҿы дгыланы рашәақәа руак аҳәара дшаҿыз аниаҳа амш. Иаразнак еилыскааит уи закә ашәаз, агәахәара ду снаҭеит, иҳәоит уи дыԥхашьаԥхаҵо. Ҳҭаацәа даара адгылара ҳарҭоит, рҳәоит аҷкәынцәа. Шәызҿу ааныжьны аусура шәца ҳәа ҳарҳәом, уи ҳгәы шьҭнахуеит, иазгәарҭоит дара.
Ҭемыр Аҟәатәи аҿар рыҩны даушьҭымҭоуп, Џьамбул Жорданиа иҵаҩ иоуп. Раԥхьатәи игәыԥ «Легион» акәын, уаҟа алахәылацәа рхыԥхьаӡара анеизҳа, иҟалеит ҩ-гәыԥк. Ҭемыр дахьиасыз КА-50 ахьӡхеит. 2020 шықәса рзы Бибик ааԥхьара иман агәыԥ «Порты» ахь ашәақәа рҭаҩразы. Уи нахыс уа дагьаанхеит. Убри аан Ҭемыр егьырҭ агәыԥқәа рҿгьы дыхәмаруеит. «Сара еснагь стильла еиуеиԥшым ашәақәа рыхәмарра бзиа избон. Агәыԥқәа рҿы ахәмарразы ааԥхьара сырҭо ианалага, акы саԥсоуп, сырҭахуп азоуп изсыԥхьо сҳәан, ҩба-хԥа гәыԥ рҿы сыхәмаруеит», - иҳәоит иара.
«Порты» ахьӡ ахьынтәаауаа атәы иалацәажәо агәыԥ алахәылацәа ирҳәоит, аԥсҭазаараҿы аҟазара ауаа рахь иназго ракәны ишыҟоу. Рашәақәагьы ҩуп угәаҵанӡа инеиуа. Алеқсандр раԥхьатәи иашәа «Адыд» иҩит Беслан иҟалаз атерракт ашьҭахь. Усҟан иара ашкол аҿы аҵара иҵон, агәыԥ аԥиҵоит ҳәагьы ихгьы иҭамызт. «Иҟалароуп хҭыск уԥсҭазаараҿы ма ауаажәларраҿы, убысҟан ииуеит ашәагьы», - иҳәоит иара.
Альбина Жьиба