Ҳазҭалаз ашықәс ҿыц раҧхьатәи амза инаркны, Аҟәа ақалақь ахадара иаҵанакуа атроллеибустә наплакы аусзуҩцәа рулафахәы иацлеит. Абри атәы иҳәеит анаплакы аиҳабы Аслан Алан. Иара иажәақәа рыла атроллеибус ныҟәызцо аусзуҩцәа рулафахәы шьақәгылоит сааҭк аусура иақәу ахәҧса ала.