Ҳажәлар аҧеиҧш бзиа шрымоу азы угәаанагара уеижьом, ашәаҳәара абаҩхатәра иаша злоу Гәдиса Қәычбериа иеиҧш иҟоу аҿар анаҳҧыло.
Аԥсуаа наџьнатә аахыс рыԥсҭазаара иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп абџьар аныҟәгара. Машәыршәа иҟалаз акы акәым абџьар-ҟазацәа рпрофессионалтә рҿиаратә еидгыла «Х-напы» аиҿкаарагьы.
Жьҭаарамза 31 инаркны абҵарамза 4 рҟынӡа имҩаԥысуан XVII ареспубликатә арра-спорттә хәмарра «Аиааира». Ишьақәгылаз атрадициала уи атәылахьчара Аминистрра артиллериатә база аҿы имҩаԥысуан.
Гәында Кәыҵниа-ҧҳа еиҳабыс дызмоу аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аҧсны Аҳәынҭқарратә усбарҭа аусзуҩцәа еснагь аҧсуа бызшәа аҿиареи, аӡыргареи, уи рыларҵәареи хықәкыс ирыман, хаҭала, русура аҕьыракгьы ахәыҷқәа абызшәа радҧхьалара иазкын.
Едуард Бебиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль «Шьараҭын» ахәыҷтәы ахореографиатә акәашаратә студиа «Иааирума» Санкт-Петербург имҩаҧысуаз XX-тәи Жәларбжьаратәи Аконкурс-Фестиваль «Ҳәаада» аҟны Гран-при иаиааит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me