Мшаҧы 27, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ажәабжьқәа

Азеиԥш ҭоурыхтә культура ашьақәгылара, аҭыԥантәии адунеизегьтәии аҭоурых аларҵәареи аилыркаареи, амилаҭтә гәалашәареи аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа рыхьчареи хықәкыс иҟаҵаны, ааигәа иаԥҵан Афонд «Аԥснытәи аҭоурыхтә еилазаара» (Афонд «ААЕ»).

Аԥсныпресс. Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аиҳабы Ҭамила Мырцхулаа Жәларбжьаратәи ахәаахәҭратә палатеи, Аду­неизегьтәи апалатақәа Рфедерациеи, Женеватәи ахәаахәҭреи ааглыхреи рмаҵзурақәеи рпалатеи рыла еиҿкаау ахәаахәҭратә палатақәа XIII Адунеизегьтәи рконгресс лхы алалырхәуеит.

Тҟәарчал – иахьа

30 Рашәара 2023

Ашьха ашьапаҿы ишьҭоу ақалақь Тҟәарчал, Ақалақь-Фырхаҵа ҳәа ахьӡ зыхҵоу, ахатәы ҧшӡара аханатә аахысгьы иаман. Иашоуп, аибашьра ашьҭахь даара иуадаҩхеит араҟа ахныҟәгара, ақалақь аҟны аусурақәа рҕьырак зегьы злашьақәгылаз арацәаҵхрала акәын. Ари аус анаанкылаха, хымҧада ақалақьгьы даараӡа ианыҧшит. Тҟәарчал уанналалак убла иаахымгыларц залшом, аус зымуа азауадқәа, ашахҭақәа.

Зхы-зҿы зхалашоз, аԥшӡара иакны иагоз, рхы шьҭых Ақалақь-Фырхаҵа Гәдоуҭа амҩаду хадақәа ирнысуан 245-ҩык араион ашкол аушьҭымҭацәа. Урҭ ирызгәдуны ирылагылан араион Ахадара, астуденцәа, аҵара аҟәша аусзуҩцәа, ашколқәа рдиректорцәа, аклассқәа рнапхгаҩцәа, ашколқәа зегьы рҟынтә арҵаҩцәа реилазаарақәа, ауаа­жәларра, аҭаацәарақәа… Убарҭ зегьы ааҭгылан, 1992-1993-тәи ашықәсқәа раан ҳаԥсадгьыл зхы ақәызҵаз Афырхацәа рбаҟа аҿаԥхьа иргәаладыршәеит…

Мҩамш!

30 Рашәара 2023

Аԥсныпресс. 2023 шықәсазы ашкол иалгаз 400-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа Аҟәа ақалақь, Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа имҩаԥысыз аныҳәатә бал ахь еизеит. Уи аԥхьа, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы, 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз рмемориал амҵан, ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭаҵан.

Ииун 24, Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылан аҭагылазаашьа инамаданы аҳәамҭа ҟаиҵеит.

«Ахатәы арратә еилахәыра «Вагнер» анапх­гаҩцәа иҟарҵаз бџьарла аҿагылара инамаданы, Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент – Арбџьар Мчқәа Ркомандаҟаҵаҩ хада Владимир Владимир-иԥа Путин азакәан леишәа ашьақәыргыларазы имҩаԥиго аусқәа зегь рыла сышрыдгыло атәы сҳәоит.

Аԥсныпресс. Рашәарамза 29 рзы Аминистрцәа  Реилазаара  аилатәара мҩаԥысит.   Амшхәаԥштә хада зынӡа иалагалан 11 зҵаара, иназыцҵоу  – ԥшь-зҵаарак.

Рашәарамза 28 рзы Аҟәа ақалақь аҿы анаркотикқәа рыдкылареи изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа реиҭарсреи рҿагылара  Жәларбжьаратәи Амш азгәаҭара инамаданы, Аҟәа имҩаԥгахеит ареспубликатә акциа «Аҿар анаркотикқәа ирҿагылоит». Акциа амҩаԥгара азԥхьагәаҭан рашәарамза 26 рзы, аха аобиективтә мзызқәа ирыхҟьаны, уи егьи амш ахь ииагахеит ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы апресс-маҵзура.

Гал ақалақь апарк хада аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа цоит. Абар уажәшьҭа 30 шықәса иреиҳауп ари апарк аҟны акапиталтә ремонт ҟарымҵеижьҭеи. Хымҧада, апарк напы адкыланы ирыман, идыргылон атәарҭа ҿыцқәа, иблыз алашарақәа рыҧсахуан, аха уи азхомызт. Иахьазы апарк шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара иаҿуп. Зегьы раҧхьа иргыланы иҧсахын аӡцарҭақәа. Уи Асовет Еидгыла ахаан иҟарҵаз акәын.

Абасеиԥш рзуҳәар алшоит Аԥсны аибашьра ианалагылаз (1992-1993 шш.) иҩыз асалам шәҟәқәа. Урҭ аԥырҵон, аибашьра иалагылаз ҳфырхацәа рхәыҷқәа, рҩызцәа, рҭаацәа, мрагылареи, мраҭашәареи ҳажәлар еиҟәыгаз, изеиҭанамиааиуаз  асалам шәҟәқәа цҳас ирыбжьан, гә́ырӷәӷәагас  ирыман. Абарҭ асалам шәҟәқәа рышьҭра дхыланы, ҿыц аԥсы ахалҵеит еицырдыруа ажурналсит, аибашьра зегьы зкамера кны ҳфырхацәа  ирыцалсыз, ааԥсара ззымдыруа Екатерина Гьаргь-иԥҳа Бебиа.

Аԥсуа Ҳәынҭқарратә Аҿар Ртеатр ҟазарала иқәдыргылеит асерб драматург Б.Нушич икомедиа «Лхаҵкы аминистр иԥҳәыс» Арежиссиор, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы Есма Џьениа. Асценографиа Анри Дочиа, акостиумқәа – Ольга Загорскаиа.

"Ԥаҟә лашәа"

23 Рашәара 2023

Адыгаа рҿаԥыцтә ҳәамҭаҿы иҟоуп ашәак: ашәаҳәаҩ Баҭу имаҭа хаҵа дишьҭырц игәы иҭаикуеит, аха хаҵас илзыеиқәыиԥхьаӡо рыҟнытә аӡәгьы длаҭәалшьом. Аха ашәа иҳазцәырнаго аҭоурых актәи аамҭа ауп. Ари ашәа аԥҵара мзызҵәҟьас иамаз даҽакуп –  Баҭу “Ишсыхәҭоу еиԥш пату сықәырҵаӡом” ҳәа иӡбан, иқыҭауаа ԥыҭҩык рзы игәыԥжәара ашәаны ицәыригеит.

Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me