Лаҵара 06, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аконкурс ахь инашьҭуп

Ииуль жәаха рзы алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рзы Д. И.  Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы Акомиссиа аилатәара мҩаԥысит. Рацәакгьы ҵуам Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы аконкурс рыланаҳәеижьҭеи.

Акомиссиа иалоу ирыдгалан аконкурс ахь анашьҭразы инагоу арҿиамҭақәа.

Ахцәажәарақәа рышьҭахь апремиа аиуразы аконкур ахь инашьҭуп абарҭ арҿиамҭақәеи аԥҵамҭақәеи:

С.И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр иқәнаргылаз аспектакль "Сариа". Арежиссиор Мадина Аргәын;

Инна Аҳашба лажәеинраалақәа реизга «Аԥсыраӡа»;

Асҭанда Қьецба.  Ателехәаԥшратә документтә фильмқәа («Зураб Ачба», «Атеррор Ду. Ҩарданаа рҭоурых», «Аслан Оҭырба», «Ауахҭа», «Аԥсны адоуҳа»);

Асахьаҭыхҩы Нугәзар Логәуа. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа ирыҵаркуа иҿыханҵатә ԥҵамҭақәа;

Акомпозитор Нодар Ҷанба.  «Аԥ­суа реквием» (Еилоуи ахәыҷтәи хорқәа рсолистцәа рзы);

Лариса Шебзухова абаза бызшәа ашҟа еиҭалгаз Рушьбеи Смыр ипоема «Семра».

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me