Мшаҧы 27, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ажәабжьқәа

Аҟазара амҩала

12 Ԥхынгәы 2023

Ииун 19 инаркны, ииуль 15-нӡа Ростов ақалақь ацәыргақәҵатә центр  «ДонЭкспоцентр» аҟны имҩаҧысуеит «Юг России 13: живопись, скульптура»  захьӡу ацәыргақәҵа. Уаҟа аҧсуа сахьаҭыхцәагьы русумҭақәа цәыргақәҵоуп.

Аԥсныпресс. Ашьыжь, ԥхынгәымза 11 рзы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа атәыла араионқәа рҟны иҟалаз аӡхыҵра иннажьыз аԥхасҭа аҭыԥ ақәҵара иазкны изаамҭанытәим аилацәажәара мҩаԥигеит.

Имҩаҧысит ауаажәларратә палата 6-тәи ааҧхьара аилазаара ҿыци, Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниеи реиҧылара.

Абас ахьӡын ҳақалақь Аҟәа амшныҳәаз Аҧсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә залаҿ еиҿкааз ацәыргақәҵа. Уи алыршан Аҟәа ақалақь ахадара ацхыраарала.

Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара аканференцзал зал ду аҿы имҩаҧысит Москва Аиҳабыреи, ақалақь Аҟәа Ахадареи русеицуразы аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩра. Уи ҳаҳҭны қалақь Аҟәа амш иадҳәалоуп.

Адырраҭара шыҟалахьоу аиԥш, ииуль 4 аҽны Аԥсны дыҟан Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә рҿиара аминистр Максим Решетников. Уи Гагра иԥ

Ииуль 5  азы имҩаԥысыз  Аԥсны Жәлар Реизара аилатәараҿы адепутатцәа ирыдыркылеит «2022 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет ианагӡашьоу азы» азакәанпроект. Абиуџьет ианагӡашьоу азы аҳасабрба ҟаиҵеит Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.

Ӡи-мцеи ириааиуа

07 Ԥхынгәы 2023

Еиуеиҧшым ахҭысқәа рыла еилоуп, ганрацәала ишьақәгылоуп ауаҩы иҧсҭазаара. Еснагь ауаҩы иҧсҭазаартә мҩаҿы иаҧиҵо ахҭысқәа даныргәылагылоу, агәҽанызаара имазароуп. Ауаҩы амашәыр данақәшәо издырам, убри аҟнытә ишьаҿақәа шәаныизаны иҟаиҵалароуп, илаҧшҳәаа ҭбаазароуп. Иҟоуп ауаҩы аҧсабаратә цәырҵрақәа ирыхҟьо амашәыргьы данақәшәо.

Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата иӡырнагеит Аҧсны анаплакқәа ркаталог 15 аҭыжьымҭа. Уахь инаҧхьан 50-ҩык раҟара, убарҭ рхыҧхьаӡараҿы – анападкылаҩцәа, аҳәынҭчынуаа, ауаажәларра, ажурналистцәа.

Азҳара иадҳәалоу аҧсҭазаара ду ахь, сынтәа Тҟәарчал араион аҿы ршьаҿа еихыргеит жәибыжь школ роушьҭымҭацәа, иааидкыланы шәи ҩажәи жәаҩык  аҭыҧҳацәеи арҧарцәеи, урҭ рыбжьара хынҩажәаҩык ибзианы аҵара рҵон ҳәа иалкаан.

Ирхамышҭуа амш

07 Ԥхынгәы 2023

Ашколтә ҧсҭазаара ааныжьны, 11-шықәса аҵара дзырҵоз рырҵаҩцәа абзиараз ҳәа раҳәаны аҧсҭазаара амҩа ҭбаа ианыло ашкол аушьҭымҭацәа рзы абжьаратә ҵара ахыркәшара иазкыз агәырҕьаратә ҭагылазаашьа змаз аныҳәа мҩаҧысит Р. Гәымба ихьӡ зху Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҟны. Арахь имҩахыҵит Аҧсны атәыла анапхгара, арҵаҩцәа, аҭаацәарақәа, иара убас ашкол аушьҭымҭацәа.

Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа Аҟәатәи амшын баӷәазаҿы апассаџьыртә лаинер даԥылеит. "Князь Владимир" апассаџьырцәа рзы раԥхьаӡакәны Аҟәатәи амшын баӷәаза иаадгылеит. Уи иҭан 81-ҩык апассаџьырцәа.

Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me