Шьаҭанкылатәи аргыларазы аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит имҩаԥгоу аусуразы. Ари аусмҩаԥгатә афинансқәа азоужьра 2 шықәса ҳәа еихшан. Ҳазҭагылоу аамҭазы аргыларатә усурақәа актәи рыхәҭа хыркәшахоит. 12 гектар зҵазкуа ашьҭаҵарҭа ацрыҵқәа рзы ажра маругала еиқәыршәоуп, аихшарҭа цәаҳәа шьақәыргылоуп, арыцқьагатә ргыламҭақәа рзы амаругақәа ҿаҵоуп.
Ҭемыр Агрба иажәақәа рыла, аҩбатәи ахәҭа ахыркәшараан иазԥхьагәаҭоуп арыцқьагатә ргыламҭақәа рыҟаҵара. «Аобиект аргылара хыркәшаны ианрыҭаха, аусура мҩаԥыслоит абри асхемала: 12-ҩык ауаа агәамсам еилырхлоит аиха, асаркьа ралхразы, анаҩс аорганикатә црыҵқәа ажра иҭажьхоит, еилацалахоит, идрапоит. Ажра анҭәлак, адгьылқәа реиҭашьақәыргылара мҩаԥгахоит», – иҳәеит Ҭемыр Агрба. Шьаҭанкылатәи аргыларазы Аусбарҭа аиҳабы иара убас иацҵаны иҳәеит агәамсамеизакырҭахь инеиуа амҩа акаҭран-бетонла ишыхҟьахо.