Лаҵара 06, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ииуль 23 – Аҳәынҭқарратә Бираҟ Амш

Аҳәынҭқарратә Герби Абираҟи рыдкылара ҟалеит аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭтәратә қәԥара акырӡа зҵазкуа аетапқәа ируакны. Амилаҭтә символқәа рыдкылара даара аҵак ду аиҭон Иреиҳаӡоу Асовет Ахан­тәаҩы, Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба.

1978 шықәсазтәи Аԥснытәи АССР Аконституциа амч аанкылареи 1925 шы­қә­сазтәи ССР Аԥсны Аконституциа аиҭашьақәыргылареи рзы ақәҵарақәа анрыдыркыла ашьҭахь, Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҿы, 1992 шықәса ииуль 23 аҽны аҳәынҭқарратә символика ҿыц азы азакәанԥҵаратә нҵақәа рыдыркылеит.

Леон иорден занашьоу, асахьаҭыхҩы Валери Гамгиа авторс дызмоу Аԥсны Абираҟ ры­дыркылеит аҭагылазаашьа даара ианыҵарыз, ауаажәларра-политикатә аамҭа аныуадаҩӡаз 1992 шықәса аԥхынразы.

Ианҭынчрамыз, аҭагылазаашьа еибархханы ианыҟаз ииуль 23 аҽны акырӡа зҵазкуа аҭоурыхтә хҭыс ҟалеит. Владислав Арӡынба дызхагылаз Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет аҳәынҭқарратә символика ҿыц азы азакәан аднакылеит. «Ари иабзоураны, ҳара аҵыхәтәан иҳауит Аҳәынҭқарратә герби Аҳәынҭқарратә Бираҟи реиԥш иҟоу акыраамҭа ҳаззыԥшыз, ҳгәы иҭыхоз атрибутқәа – Аԥсуа Ҳәынҭқарра асимволқәа. Ари раԥхьатәи шьаҿа ӷәӷәан ихьыԥшым, иазхаҵоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аргылараҿы», – абас рыҩуан усҟантәи аамҭазы аԥсуа жәлар рықәԥара иадгылоз акьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа.

1992 шықәса ииуль 23 ажәлар раӡәыкреи реицгәырӷьареи ирымшхеит. Аԥсны ахьынӡанаӡааӡоз жәанызқьҩыла ауаа: аԥсуаа, аурысцәа, аерманцәа, абырзенцәа, аукраинцәа уҳәа егьырҭгьы ақтивла рхы рыладырхәит Ареспубликатә стадион аҟны имҩаԥысуаз агәырӷьарақәа. Анаҩс, зықьҩыла ауаа рҽеибаркны ақалақь амҩадуқәа ирнысит, ирхашәыршәыруан Аԥсны Аҳәынҭқарра Абираҟи Агерби.

Аибашьра иацыз аамҭа уада­ҩқәа раан, Аԥсны ахьчаҩцәа Аҳәынҭқарратә бираҟ аҿаԥхьа ҭоуба шьҭаҵаны, Рыԥсадгьыл ахьчара ицон. Иҭахаз ҳфырхацәа аҵыхәтәантәи рымҩахь инаскьаргон уи рықәыршәны. Аҵыхәтәантәи акәаԥгьы дыргылеит Егры аӡиас ахықә аҟны – Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ ахадырсит.

2007 ш ииуль азы Аԥсны Жәлар Реизара Аԥсны Аҳәынҭқарратә Герби Абираҟи рзы Азакәан аредакциа ҿыц аднакылеит. Уи иҳәаақәнаҵеит аҳәынҭқарратә символқәа официалла рхархәашьа, иагьалнаршеит урҭ зинла рыхьчара.

2005 шықәса маи 23 азы Аԥсны Жәлар Реизара ииуль 23 рыланаҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Абираҟ Иамшны. 2005 ш ииун 3 азы Аԥсны Ахада Сергеи Багаԥшь инапы аҵаиҩит «Аԥсны Аҳәынҭқарра агәалашәаратә, аныҳәатә мшқәа рзы» Аԥсны Азакәан аиҭакрақәеи ахарҭәаарақәеи ралагаларазы» Жәлар Реизара иаднакылаз Аза­кәан. Ииуль 23 рылаҳәоуп Аԥсны Аҳәынҭқарратә Бираҟ Иамшны.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me