«Еснагь иҳацу аныҳәа»

Абас ахьӡын ҳақалақь Аҟәа амшныҳәаз Аҧсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә залаҿ еиҿкааз ацәыргақәҵа. Уи алыршан Аҟәа ақалақь ахадара ацхыраарала.

Ари амшныҳәаз ақалақьаҿ имҩаҧысуаз аусмҩаҧгатәқәа шмаҷмызгьы, аӡәырҩы арҿиара абзиабаҩцәа арахь имҩахыҵит. – Асеиҧш акрызҵазкуа аныҳәаз иаҳҭаххеит ҳцәыргақәҵатә зал ашә аартызарц, – лҳәеит уи аиҿкааҩ, аиҳабы Ельвира Арсалиа аҭааҩцәа Аҟәа амш рыдныҳәало, – Ацәыргақәҵа еиднакылоит, тема хадас иамоуп 20-30-тәи ашықәсқәа раамҭазтәи акультуратә ҭыҧқәа, Борис Петрови, Валентин Контареви рҭыхымҭақәа, 60-тәи ашықәсқәа раан Варвара Бубноваи, Ольга Брендельи рҭыхымҭақәеи. 70-тәи ашықәсқәа – Виссарион Ҵәыџьбеи, Геннади Ашкариани русумҭақәа, 2000 шықәсазтәи Леуарса Быҭәба иҭыхымҭақәа, иара убас иахьа ҽышәала арҿиара знапы алаку ҳсахьаҭыхҩцәа рҭыхымҭақәа.

Аҭааҩцәа рыбла рзаҟәымго, ишьҭрақәланы иахәаҧшуан ҳаҳҭнықалақь ажәытә-аҿатә згәылыҷҷаауа аҭыхымҭақәа. Иага аамҭа царгьы ҳақалақь аҧшӡара канаршәуам, ҳҟазацәагьы аамҭа ршьаҿа ақәдыршәоит. Рқыцә иалдыршоит Аҟәа ахазынарақәа асахьа ашҟа риагара.

Асахьаҭыхҩы, Аҧсны зҽаҧсазтәыз аҟазара аусзуҩ Руслан Габлиа иҭабуп ҳәа реиҳәеит аҭааҩцәа зегьы.

Сгәы иауам аҭааҩык иблала иалскааз аҭыхымҭақәа рыхьӡ сымҳәар: Заур Аџьба – «Ақәа анауа», Геннади Ашкариан «Ака­ҳуа», Баҭал Џьапуа, Витали Қацәба, Мариа Ҧлиа, Виссарион Ҵәыџьба, Зоиа Аџьынџьал уҳәа рҭыхымҭақәа.

Асахьаҭыхцәа ирылшеит рықалақь ашҟа ирымоу абзиабара рҭыхымҭақәа рнырҧшра, агәыбылра зҵам арҿиамҭа ахәаҧшҩы даднаҧхьалом.

«Еснагь иҳацу аныҳәа», – уи бзиа иаҳбо ҳақалақь ауп. Ацәыргақәҵа мҩаҧысит мышкы заҵәык. Урҭ збарц зҭаххо ирылшоит асахьақәа ргалереиа иаҭаарц.


Наира Сабекиа 

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me