Лаҵара 06, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Ашьхацамҩа»

Ииуль хәба рзы 80 шықәса ихыҵит еицырдыруа асахьаҭыхҩы, аҿыханҵаҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхҩы Виссарион Ҵәыџьба.

Ақыцә азҟаза имшира аҽны Аԥсны асахьаҭыхҩца Реидгыла ацәыргақәҵатә зал хада аҟны ииубилеи инақәыршәаны иаартын иусумҭақәа хаҭалатәи рцәыргақәҵа «Ашьхацамҩа».

Виссарион Акәын-иԥа Ҵәыџьба диит Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан. Ашкол ашьҭахь Аҟәатәи асахьаҭыхратә студиа даналга, 1965 шықәсазы Қарҭтәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аҟны қәҿиарала ҩышықәса рыла иҵара хиркәшоит. Убри ашықәс азы дагьҭалоит Қарҭтәи асахьаҭыхратә академиа аҿыханҵа азанааҭ ала. Аҵара ицааиуан. Иреиҳау аҵараиурҭа данҭаз ашықәсқәа раан иусумҭақәа рыла ацәыргақәҵақәа дрылахәын Аҟәа, Қарҭ уҳәа.

1972 шықәсазы иҵара хыркәшаны Аԥсныҟа дхынҳәуеит. Ибаҩхатәра азгәаҭаны 1976 шықәсазы Аԥсни СССР-и рсахьаҭыхҩцәа Реидгылақәа рахь дрыдыркылоит. Уи нахыс аҟазара еиҳагьы агәацԥыҳәара инаҭеит, есааира аусумҭа ҿыцқәагьы инапы иҵигон, дрызхьаԥшуан еиуеиԥшым атемақәа. Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан Аҟәа еиԥш, иаԥҵамҭақәа рылахәын Қарҭ, Черкесск, Москва уҳәа ацәыргақәҵақәа. Дышнеишнеиуаз иҟазара аҳәа­ақәа ҭбаахеит. Дрылахәхеит иара убас Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵақәа: Берлин (Германиа), Ныса (Польша), Генуиа (Италиа), иара убас Ҭырқәтәыла, Чехословакиа уҳәа.

Асахьаҭыхҩы, аханатә еиԥш, еснагь иуаажәлар дрылагылоуп, рыцәгьеи-рыбзиеи далахәуп. Ҳажәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥареи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьреи рветеран изы аԥсҭазаараҿы аҟазара аҭыԥ ҷыда ааннакылоит, ахаангьы игәыгәҭаимыжьыц. Убри аҟнытә, еснагь Аԥсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла, ҳтәылаҿы еиԥш, анҭыҵ имҩаԥнаго ацәыргақәҵақәа дрылахәуп, Аҟәа имҩаԥысуеит иусумҭақәа хаҭалатәи рцәыргақәҵақәагьы.

Уажәазы иаарту иусумҭақәа хаҭалатәи рцәыргақәҵа акәзар, еиднакылеит еиуеиԥшым ашықәсқәа раан иаԥиҵаз, насгьы ааигәатәиқәагьы.

Асахьаҭыхҩы ииубилеитә цәыргақәҵа аартрахь имҩахыҵит, асахьаҭыхҩцәа реиԥш, аҟазара еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рымаҵ зуа рхаҭарнакцәа, акультуреи аҵареи русзуҩцәа, ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа, аҿар. Аумҩаԥгатә иҽалаирхәит Россотрудничество Аԥсны иҟоу ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов.

Ацәыргақәҵа аартуа еиқәшәаз бзиала шәаабеит ҳәа ралҳәеит ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы, асахьаҭыхҩы Ельвира Арсалиа. Уи дазааҭгылеит асахьаҭыхҩы иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи. «Виссарион Ҵәыџьба ирҿиара зегьы цәыргақәҵак ала мацара ахәшьара аҭара уадаҩуп. Ари асахьаҭыхҩы хынҩеижәа шықәса инареиҳаны иҵуеит иԥсҭазаара аҟазара иазкижьҭеи. Акыр шықәса Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа напхгара аиҭон. Аҟазара еиԥш, иԥсҭазаара ахәҭак ауаажәларратә усура иазикит, қәҿиаралагьы еилеигӡон. Иахьагьы ақәҿиарақәа ааирԥшуеит бзиа иибо аҿыханҵа аганахьала. Иара иҟынтәи ҳазыԥшуп иҟазара амҽхак еиҳагьы изырҭбаауа аусумҭа ҿыцқәа», – лҳәеит Е. Арсалиа.

Асахьаҭыхҩы 1980-1986 шықәсқәа раан ажурнал «Аԥсны аҟазара» асахьаҭыхратә редакторс дыҟан. 1996 шықәса раахыс ахәыҷтәы журнал «Амцабз» асахьаҭыхратә редакторс аус иуеит.

Виссарион Ҵәыџьба ирҿиара ахәшьара аҭауа ииубилеи идырныҳәалеит, еиҳау аихьӡарақәа изеиӷьаршьеит анаҩс иқәгылаз: Аԥсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа, асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа уҳәа егьырҭгьы. Аҵыхәтәан Виссарион Ҵәыџьба иҭабуп ҳәа реиҳәеит ииубилеи идырныҳәаларц имҩахыҵыз, иусумҭақәа рцәыргақәҵа аиҿкаара иахаҵгылаз, иацхрааз, ирҿиара ажәа ԥхақәа ахызҳәааз.

Виссарион Акәын-иԥа Ҵәыџьба ианашьоуп «Агәымшәаразы» амедал. Иусумҭақәа ҵәахуп Урыстәыла еиуеиԥшым амузеиқәа, иара убас Ҭырқәтәыла, Канада, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Англиа уҳәа хаҭалатәи агалереиақәа рҟны.


В. Ажәанба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me