Мшаҧы 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсны Ахада Гәдоуҭа даҭааит

Ақалақь-Фырхаҵа Гәдоуҭа ҧхынгәы 25 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Бжьаниа Аслан Гьаргь-иҧа араион актив реиҧылара далахәын. Араион ахадара ашықәсбжазтәи алҵшәақәеи аихшьаалақәеи ирылацәажәон.

Араион Ахада Боџьгәуа Баграт Фазлыбеи-иҧа инарҭбааз иажәахә ала дықәгылеит. Иҳәеит аихшанҵақәа рҟны аизҳарақәа ахьыҟаз, дрылацәажәеит апроблемақәагьы. Анаҩс, ажәа рыҭан: араион ашәахтәқәеи аизгақәеи рыҟәша аиҳабы Аҩӡба Рауль, аекономика аҟәша аиҳабы Аҩӡба Руслан, «Амшынеиқәафымцамч» Гәдоуҭатәи аҿга аиҳабы Гагулиа Ахра, аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аиҳабы Гыцба Зосма, Гәдоуҭа араион ахадара аиҳабы ақыҭанхамҩатә зҵаарақәа рзы ихаҭыҧуаҩ Кәарацхелиа Иура, Гәдоуҭа араион Еизара ахантәаҩы Малиа Валери.

Аҧсны Ахада Бжьаниа Аслан Гьаргь-иҧа ақәгыларақәа реихшьаала ҟаиҵеит. 

Гәдоуҭа ахадара аилатәара ашьҭахь Аҧсны Ахада Мгәыӡырхәа ақыҭан аҳаблақәа Аҧцхәеи Амбареи дырҭааит.

Иара убас Аҧсны Ахада Аслан Гьаргь-иҧа ақалақь Гәдоуҭа аҧсшьарҭа «Черноморец» аиҭарҿыцрақәа ахьцо даҭааит. Уаҟа 400-ҩык рҭыҧ ахьыҟало аҧсшьарҭа ашьақәыргылара шцо ибеит. Аиҿкааҩцәеи иареи еиҧылеит, уаҟа иҟало, ишыҟало иалацәажәеит.

Убасгьы ари аилатәара иалахәын Аҧсны Аҧыза-министр Анқәаб Алеқсандр, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Киут Роберт, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Нанба Џьансыхә, Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа. 

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me