Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Амилаҭтә ҷыдара зныҧшуа

Аамҭа ашьаҿақәа уамашәа иццакны иҟанаҵоит, иаҧсахуеит адунеи ахаҿра, иаланагалоит аҿыцрақәа. Есааира ауаа рыҧсҭазаара зырманшәало аҭагылазаашьа ҿыцқәа аҧырҵоит.

Уи иабзоурахеит аҧара аҭыжьрагьы.

Акыр шәышықәса раҧхьа, еиуеиҧшым аамҭақәа рзы, Аҧс­ни адунеиаҿ анырра ду змаз аҳәынҭқаррақәеи аимадара рыбжьан. Уи атәы зырҵабыргуа акы акәны иҟоуп Аҧсны адгьылҵакыраҿы иҧшааз аҧараҿырпқәа.

Аҧсны адгьылҵакыраҿы иҧшааз аҧараҿырпқәа рҟынтәи еиҳа ижәытәтәиу акәны иҟоуп «Колхидка» захьӡу. Иара убас, акрызхыҵуа ҳәа иҧхьаӡоуп абырзенцәеи аурымцәеи рхаантәи аҧараҿырп. Абжьарашәышықәсазы Аҧсны ахархәара аман Византиатәи аҧараҿырп.

Асовет Еидгыла анышьақәгыла ашьҭахь 1923 шықәса инаркны 1991 шықәсанӡа Аҧсны ҧарас рхы иадырхәон асоветтә мааҭқәа.

Иахьатәи аамҭазы, Аҧсны официалла иаҧу, рхы иадырхәо Урыстәылатәи амааҭқәа роуп.

2008 шықәсазы Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк иҭнажьуа иалагеит аҧсар захьӡу аҧараҿырп. Аҧсарк – жәа мааҭк ҳәа ахә ршьоит. Иара гәаларшәагатә ҧараҿырпуп, ахәаахәҭраҿы рхы иадырхәаӡом.

Ааигәа Гонконг имҩаҧысуан Адунеизегьтәи анумизматтә хәаахәҭратә цәыргақәҵа. Уи Азиа зегь азы акрызҵазкуа хҭысны иҟалеит. Ари ахҭыс иахәҭакхеит Аҧснытәи аҧсарқәагьы.

Аҧснытәи Амилаҭтә банк ҩынтәуп Адунеизегьтәи анумизматтә цәыргақәҵа аҽаланархәуеижьҭеи. Гонконг, Аҧсны Амилаҭтә банк ицәыргақәнаҵон абанкнотқәа ҩбеи, 50 инарзынаҧшуа аҧсарқәеи. Уа еиҳарак азҿлымҳара зырҭаз ракәхеит абанкнотқәа «Владислав Арӡынба», «25 ҧсар». Урҭ 30 тәыла рҟынтәи аколлекционерцәа иаархәеит. Ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны иҭииз абанкнотқәа рзеиҧш еицҵалыҵ ҩ-миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Ари ацәыргақәҵа аусуратә хәҭеи аукционтә хәҭеи дрылахәын Аҧсны Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.

Аусмҩаҧгатә ашьҭахьгьы Аҧс­нытәи абанкнотқәа раахәаразы аинтерес шыҟац иҟан.

Адунеизегьтәи анумизматтә цәыргақәҵаҿы аҧсуа ҧсарқәа даара азҿлымҳара ахьрырҭаз крызҵазкуа хҭысуп ҳтәылазы. Уи агәра унаргоит ҳаҧхьаҟагьы ҳмилаҭтә ҧара ауаа шаднаҧхьалало. Иара ҳмилаҭтә ҷыдарақәа зныҧшуа акы акәны иҟоуп.


Мадина Амҷҧҳа,

ААУ афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша актәи акурс астудент

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me