Мшаҧы 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсны Жәлар Реизара аҟны

Ииуль 26 азы имҩаԥысыз Аԥсны Жәлар Реизара ратификациа азнауит «В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза «Аҟәа» аусура аларгареи ҳаԥхьаҟагьы ахархәареи рзы Урыстәылатәи аиуристтә хаҿы иганахьала аинвестициатә проект анагӡаразы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра». Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын Санкт-Петербург, 2023 шықәса ииун 16 азы.

Адокумент ааигеит Жәлар Реизараҿы Аԥсны Ахада еснагьтәи ихаҭарнак, аиустициа аминистр Анри Барцыц.

Жәларбжьаратәи, апарламентбжьаратәи аимадарақәа, аџьынџьуаа рҟны аимадарақәа рзы Жәлар Реизара аилак ахантәаҩы Алхас Барцыц иҳәеит абри Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩреи уи аратификациеи ишрыцыз азыҟаҵаратә усура ду.

«Аиқәшаҳаҭра апроект шықәсык аус адулара иаҿын. Иҟан аилатәарақәа жәпакы, адокумент анапы аҵаҩхаанӡа.

Адепутатцәа Аиқәшаҳаҭра аганахьала абжьгарақәа жәпакы ҟарҵеит. Абри ашьҭахь Аԥсны Аиҳабыреи ҳареи ҳаиԥылеит. Ҳаилак аҳаирбаӷәаза аганахьала Аԥсни Урыстәылеи реиқәшаҳаҭра аратификациа азакәан иахәаԥшны, ажәалагала ҟанаҵеит Жәлар Реизара аилатәараҿы иахәаԥшзарц, иагьрыдыркыларц», – иҳәеит Барцыц.

Иара иаҵишьит аиқәшаҳаҭра иша­рманшәалауа Урыстәылатәи аиуристтә хаҿы иганахьала Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза иагу-иабзоу аҟаҵареи авиаеимадара арҿыцреи рзы аинвестициатә проект анагӡара азҵаарақәа, иара убас ишҳәаақәнаҵо аганқәа рзинқәа, рхыдҵақәа.

Акыраамҭа ицоз аимак-аиҿак­қәа рышьҭахь Аиқәшаҳаҭра аратификациа рыбжьы арҭеит 30-ҩык адепутатцәа, иаҿагыланы – ҩыџьа, аӡәы иҽааникылеит.

Жәлар Реизара адепутатцәа аҩбатәи ҵыхәаԥҵәалатәи аԥхьарала аиҭакрақәа аларгалеит «Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзинтә ҭагылазаашьазы» азакәан. Азакәан иалагалоу аиҭакрақәа хықәкыс ирымоуп Аԥсны иахьыҟоу аҭыԥ ала аҳәаанырцәтәи атәылауааи атәылауаҩра змам ауааи хымԥада ашәҟәы рарбара. Абри инаваргыланы Аминистрцәа Реилазаара азинмчқәа амоуп урҭ ашәҟәы рарбашьазы аԥҟарақәа рышьақәыргылара.

Иара убас Жәлар Реизара адепутатцәа актәи аԥхьарала ирыдыркылеит «Аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рзыҟаҵаразы» азакәанпроект. Иҟоу асоциал-економикатә ҵабыргқәа ирықәшәауа азакәанпроект адкылара уаҩы иԥхьаӡар ауеит Аԥсны азакәанԥҵара аиҭакра инақәыршәаны акырӡа зҵазкуа ауснагӡатәқәа ируакны, иҳәеит уи назгаз адепутат Ерик Рштуни.

Жәлар Реизара адепутатцәа аиҭакрақәа аларгалеит «Аҳәынҭқарратә баџь азы» Аԥсны азакәан ахәҭаҷ 4. Адокумент ааигеит Жәлар Реизараҿы Аԥсны Ахада еснагьтәи ихаҭарнак Анри Барцыц.

– Азакәан апроект азкуп аҳәаанырцәтәи атәылауааҩи атәылауаҩра змам ауааи иаабац аусуратә визеи аусура аганахьала азин рыҭареи рзы аҳәынҭқарратә баџь ашәагазага ашьҭыхра, – иҳәеит Барцыц.

Жәлар Реизара адепутатцәа аиҭакрақәа аларгалеит «Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы астатистикатә усуразы» азакәан, иара убас «Изыцҵоу ахәԥса ашәахтә азы» азакәан. Адокументқәа ааигеит абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.

Иара убас, аиҭакрақәа алага­лоуп «Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи аҳаҭыртә хьӡқәеи рзы» азакәан. Ари адокумент ааигеит акультуреи, аҿари аспорти русқәеи рзы аилак ахантәаҩы Венори Бебиа.

«Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи аҳаҭыртә хьыӡқәеи рзы» азакәан инақәыршәаны Аԥсны иҟоу аҳаҭыртә ахьӡқәа рсиа иацлоит аҳаҭыртә хьӡқәа «Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхҩы», «Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ».

Жәлар Реизара Адепутатцәа ирыдыркылеит «Аԥсны аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә нҵақәак аиҭакрақәа рылагалара­зы» азакәанпроект. Уи ааигеит азинтә политиказы аилак ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба.

Азакәан апроект иазԥхьагәанаҭоит Аԥсны Ашьауӷатә кодекс ахәҭаҷ 121 ахәҭа 1 («Ауаа рылахәаахәҭра») аиҭакрақәа ралагалара.

Иара убас азакәан апроект иазԥхьагәанаҭоит Ашьауӷатә кодекс ахәҭаҷ 124 («Ацәгьаҳәара») аиҭакрақәа ралагалара, иара убас ахәҭаҷ 196 («Азинмчқәа рхыҳәҳәара») аиҭакрақәа ралагалара.

Жәлар Реизара адепутатцәа еиҭах Зураб Оҭырба далырхит Аԥсны Агәаҭаратә палата ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩс. Уи икандидатура рыбжьы арҭеит 32-ҩык адепутатцәа, аӡәы даҿагылеит.

Иара убас Агәаҭаратә палата аудиторс ҩаԥхьа далхуп Беслан Торчуа. Уи икандидатура рыбжьы арҭеит 29-ҩык адепутатцәа, ԥшьҩык аҿагылеит.

Аԥсшьара мшқәа рахь ицаанӡа, Жәлар Реизара адепутатцәа аилатәараҿы идырҿыцит Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизареи Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Думеи рыбжьара аусеицуразы иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа Акомиссиа аилазаара. Уи жәаҩык алоуп.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me