Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсны Аминистрцәа Реилазаараҿы

Ииуль 27 азы имҩаԥысыз Аиҳабыра реилатәараҿы ишьақәдырӷәӷәеит 2024 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҳқарра асоциал-економикатә рҿиара Аиндикативтә план. Адокумент аалгеит Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.

«2024 шықәсазы атауарқәеи, аусурақәеи, амаҵзурақәеи еизаку рамҽхак шьақәыргылоуп 149,7 миллиард мааҭ рыла, убрахь иналаҵаны ақыҭанхамҩаҿы – 11 миллиард мааҭ. Адәныкаекономикатә усура азԥхьагәҭоуп 46,3 миллиард мааҭ рыла. 2022 шықәсазтәи аҟаҵарбақәа ирыдкыланы аизҳара иартәоит 34%, 2023 шықәсазтәи аплантә ҟаҵарбақәа ирыдкыланы акәзар – 18%», –лҳәеит Озган.

Аминистрцәа Реилазаара адҵала Ранета Биџьиева альготақәа лыҭоуп аҳәынҭқарратә нхарҭатә фонд аҟнытә хатәык аҳасабала илырҭауа анхарҭа ахәԥса ахшәааразы.

Ранета Биџьиева – Лугансктәи Жәлартә Республика (Урыстәылатәи Афедерациа) ицо аибашьраҿы иҭахаз арепатриант Ҟазбек Биџьиев иԥшәма лоуп.

Иара убас, анхарҭа ахәԥса ашәаразы альготақәа иҭоуп Таифун Кәаӡбагьы.

Донбасс арратә операциа ҷыда аан иҭахаз хатәгәаԥхарала аибашьцәа Едуард Шьакаиеи Олег Бебиеи рҭаацәарақәа аамҭакала ирзыршәоит 1 миллионк мааҭ асоциалтә цхыраагӡақәа.

Изыхәҭоу адҵақәа рыдыркылеит Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҿы.

Аамҭакалатәи ацхыраагӡа рзашәоит асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи Рминистрра. Аминистрцәа Реилазаара аиҭакрақәа аланагалеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа Рдисциплинартә ԥҟаԥҵа ашьақәырӷәӷәаразы» ақәҵара.

Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара «Ачеи ачашылеи рыхәқәа аҳәынҭқарраҿы рырманшәаларазы» ақәҵара ҿыц рыдыркылеит.

Шьҭарнахыс иреиҳаӡоу асорт иеиуоу 1 килограммк ача 50 мааҭ иаԥсахоит, 0,6 килограмм – 30 мааҭ иреиҳамқәа; аҩбатәи асорт еиуоу ачашыла иалху 1 килограммк ача – 47 мааҭ, 0,6 килограмм –28 мааҭ.

Иара убас, Аминистрцәа Реила­заараҿы ирыхәаԥшын еиуеиԥшым азҵаарақәа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me