Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ашьа зыхьшу адокументқәа

«Авождцәеи ВКП (б) иампыҵахәхази. Кавказ аҟны 1920-1930 шықәсқәа рзы арепрессиақәа рҭоурых».

Абас ахьӡуп еицырдыруа аҧсуа, аурыс уаажәларратә усзуҩ, асоциологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Александр Орлов – Кретчмер ишәҟәы. Уи иазкыз асиужет дырбан Аҧсуа телехәаҧшрала. Уаҟа адокументқәеи афотоматериалқәеи реиҳарак Аҧсны аҭоурых иадҳәалоуп, – иаанацҳауеит Аҧсныпресс.

Ашәҟәы аҭыжьра алҵшәахеит аҭоурых иазку, шамахамзар уаҩ иҧыхьамшәо адокументқәа реидкылара. Ашәҟәы ҭнажьит Москватәи аҭыжьырҭатә ҩны «Вече». Атираж – 500 цыра.

Автор иажәақәа рыла, «ари шәҟәыҵәҟьан иҟам, аӡәырҩы лымҳаҭасла зыӡбахә раҳахьаз, аха ахаангьы ирымбацыз иуникалтәу адокументқәа ркаталог ауп». 600 даҟьа иҟоу атом иану аматериалқәа еизызгаз иара имацара иакәӡам, уи еизыргеит аҳәаанырцәтәи атәылақәеи икоммерциатәым аиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәагьы.

 Ашәҟәаҿы ицәыргоуп США Стендфордтәи ауниверситет, Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭархив: абиблиотекақәа, амузеиқәа, Германиа, Финлиандиа, Украина, Франциа, Аҧсны, егьырҭ атәылақәа рколлекционерцәа рхатә архивқәа, иҳаҩсыз ашәышықәса 20-тәи 30-тәи ашықәсқәа ртрагедиатә хҭысқәа рдаҟьа ҿыцқәа аазырҧшуа хыҧхьаӡара рацәала аматериалқәа.

Аҭыжьымҭа ахықәкы – архивтә документқәа, аҭоурых агәылаҧшра, уи аспектқәак ҿыц ахәшьара рыҭара ауп.

«Ари убас еиҧш иҟоу текстым, хәылҧазыла ауаа гәахәарала изыҧхьо. Ари ашәҟәы, Аҧсны аҭоурых иазку уаанӡатәи аҭыжьымҭақәа реиҧш, иҩын иарбанзаалак аҧсуа ҭаацәара ирымазарц, уи рдыруазарц, аиҳабацәа еилыркаарц, аҿар аҧхьаларц, игәныркыларц азы», – иазгәеиҭеит Александр Орлов.

Аҭыжьымҭазы игәанаагара иҳәеит Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аетнологиеи антропологиеи Ринститут аҭҵаарадырратә усзуҩ ҧхьагыла, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Иури Анчабаӡе: «Сгәаанагарала, абри ашәҟәаҿы ицәыргоу адокументқәа алшара ҳарҭоит сталинра амаҵурҭа аҩнаҧшра, амчраҿы Сталин итехнологиа аилкаара. Иара иаамҭа аҭоурых аҟны трагедиатә даҟьаны иаанхоит, ихәаҽын адемократиатә хақәиҭра, асовет жәлар рымчра аҳәынҵәа илакәаҳан. Александр Орлов Аҧсны аӡбахә зҳәо зеиуахкы ыҟаӡам аматериалқәа реизга аҧиҵеит, урҭ рхаҭәаарала, реиҧшымзаарала ирываургылаша даҽакы ыҟаӡам. Абригь патриотизмраҵәҟьоуп. Адокументқәа, ашәҟәқәа акырӡа идырҭбаауеит Сталин иаамҭа аҭҵааразы ахыҵхырҭақәа. Ашәҟәы иануп зыҧштәы цахьоу, џьара-џьара зыҧхьара уадаҩу адокументқәа рфотохҩылақәа, аха урҭ ирыбзоураны усҟантәи аамҭа ахҭысқәа ҿыц блала, насгьы инҭкааны реилкаара алдыршоит».

Ашәҟәы адаҟьақәа рҿы иарбоуп Кавказ иналукааша аполитикатә усзуҩцәа рышәҟәқәа, еиуеиҧшым аилатәарақәа рыҧкаанҵақәа, аусқәеи аҿахәҿыхреи рматериалқәа, астенограммақәа рықәҭыхқәа, ажәакала 30-тәи ашықәсқәа рдраматә хҭысқәа қьаадала изыршаҳаҭуа зегьы.

Ашәҟәы иамоуп абас еиҧш аҟәшақәа: Кавказтәи арегион аҟны XX ашәышықәса ареволиуциатә аамҭа, Лавренти Бериа иусура, маҵурала ишьҭыҵра, аҧсуаа рҿы имаз аимадарақәа, Нестор Лакоба изааигәахара, 20-30-тәи ашықәсқәа раан асоциалтә еиҭакрақәа, аполитикатә еибарххара ашьҭыҵра, Нестор Лакоба иполитикатә хырхарҭақәа, апартиа адокументқәа рыла аполитехнологиақәа, арепрессиақәа реиҿкааратә ситемақәа.

Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Сослан Салаҟаиа иазгәеиҭеит: «Зегьы архивқәа рахь инеиуам, иуацәа, игәакьацәа, иҭахцәа, идырцәа рҭоурых уа ишьҭазаргьы. Ари уадаҩуп, ахатә ҧҟарақәа амоуп. Ашәҟәаҿы иуҧылоит цыҧҵәахала, хәҭакахьала акьыҧхь збахьоу аматериалқәа. Аҭоурыхҩцәа урҭ рдыруан, рыӡбахә раҳахьан, аӡәырҩы рхы иадырхәахьан, аха урҭ еидкыланы, џьарак еизганы акьыҧхь рымбацызт. Ари аџьабаа ду зыдбалоу, даара акыр иаҧсоу усумҭоуп».

Александр Орлов – Кретчмер аматериалқәа шәышықәсабжа реизгара даҿын.

Орлов иажәақәа рыла, «ашәҟәы даҽа ҷыдарас иамоу – аҵыхәтәантәи ашәышықәсабжа аҩнуҵҟала еиуеиҧшым амзызқәа ирыхҟьаны иаҧырҵоз амифқәа, алегендақәа рҧыргара аҽазышәара ауп. Ус аҭахызар акәхарын. Атекстқәа рҩуан аҭоурыхҭҵааҩцәа, аҧсевдоҭоурыхҩцәа, ишахәҭаз ақцент рзыҟамҵакәа ахҭысқәа ирыхцәажәон. Арҭ адокументқәа – ҭоурых ҵабыргҵәҟьоуп. Ақьаадқәа ахаангьы амц рҳәаӡом. Автографқәа зну, усҟантәи аамҭа аҭагылазаашьа зныҧшуа анапылаҩырақәа ахәшьара рырҭоит. Аҧсуа Республика актәи ахаҿқәа русура, дара знысра рықәшәаз атрагедиатә аамҭақәа раан анапхгаҩцәа рҽазышәарақәа…».


Б. Қаџьиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me