Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ажьырныҳәамза 1 инаркны ауалафахәы иацлоит

Ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса инаркны Аҟәа ақалақь амуниципалтә усбарҭақәа рмаҵурауаа руалафахәы  100% рыла ишьҭыххоит.

Абри атәы арадио  Sputnik-Аԥсны аефир аҿы иҳәеит Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба.

Ауалафахәы ашьҭыхра аҳҭны-қалақь абиуџьет ахашәалахәқәа рышьҭыҵрала имҩаԥыслоит.

«Абиуџьет аизҳара бзиоуп. Сынтәа ҳара Аҟәа ақалақьтә Еизара ҳадҵаалеит, адепутатцәагьы адгылара ҳарҭеит». –  иҳәеит Беслан Ешба.

 Уи сынтәа афинанстә лшарақәа ҳасаб рзуны, Аҟәа ақалақь аҿы ауалафахәы ихадоу ахышәа-ҵышәа ацҵақәеи аџьшьаратә шәатәқәеи (апремиақәа) изныкымкәа ашәара мҩаԥысхьан ҳәа иазгәеиҭеит. «Уажәы ҳара ауалафахәы 100 процентк рыла ишьҭаҳхуеит. Имҩаԥгаз ацҵақәа зегьы ауалафахәытә шәатәқәа рахь ииагоуп. Даҽакала иуҳәозар, ауалафахәы аҩаӡара официалла  100 % рыла иазҳауеит. Уи зегьы азы шықәсык ахьтә иазԥхьагәаҭоуп 120 миллион мааҭ», – иазгәеиҭеит Беслан Ешба.

 Руалафахәы шьҭыххоит амуниципалтә усбарҭақәа зегьы русзуҩцәа, Урыстәылатәи ацҵақәа зауа рыда. Уи аҳақьымцәеи арҵаҩцәеи роуп.

«Аиаша уҳәар еиӷьми, уажә­аԥхьагьы ари аҭагылазаашьа ариашара аҭахын. Иахьа аппарат аусзуҩцәа ироуеит 7-8 нызқь мааҭ. Сара сгәаанагарала, ауалафахәы ацҵара – ари даара хра злоу усны иҟалоит.  Бжьаратәла уи 20 нызқь мааҭ рҟынӡа инаӡалоит», –  ҳәа иҳәеит Аҟәа ақалақь ахада.

Беслан Ешба, Аҟәа ақалақь аҿы аа-категориак иаҵанакуа ауааԥсыра иназыцҵоу ашәатәқәа рызшәахоит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аҭаацәарацәа, ихәыҷы аахыс аинвалидра змоу, аиаҭымцәа ҳәа иазгәеиҭеит иара. Убас зныктәи аԥаратә цхыраагӡатәқәа рызшәахоит ахәыҷы иираан.

«Асоциалтә ҟәша абиуџьет (уажәы уи «Аџьатә, асоциалтә тәанчахәқәа, аԥаратә цхыраагӡатәқәа, егьырҭ ашәатәқәа рзы Аԥхьаӡаратә Центр» ҳәа иашьҭоуп) 44 миллион мааҭ рҟынтәи 72 миллион мааҭ рҟынӡа иазҳаит, даҽакала иуҳәозар, 100 % инарзынаԥшуа иацлеит», – иҳәеит Беслан Ешба.  

Ашықәсҿыцтәи аныҳәазы аҳамҭа аҳасабала аҳҭны-қалақь Ахадара ахәыҷырацәа змоу аҭаацәа ирзоунажьуеит зныктәи аԥаратә цхыраагӡатәқәа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me