60 шықәса зхыҵыз еицырдыруа ажурналист аҳамҭа ианашьоуп амилаҭтә телерадиодырраҭара аҿиара аҿы иааирԥшыз илшамҭақәеи, изанааҭтә еихьӡарақәеи, ажурналисттә еиҿкаарақәеи иареи русеицуреи рзы.
Гьаргь Гәлиа Жәларбжьаратәи аинформациатә гәыԥ "Интерфакс" адиректор хада актәи ихаҭыԥуаҩс, анагӡаратә наԥхгаҩс дыҟоуп.