Зыхьӡ нагу ихьӡала

Сентиабр 5-7 рзы Красноиарск ақалақь аҟны зхы иақәиҭу аиқәԥаразы, 18 ш. зхыҵуа ақәыԥшцәа рыбжьара, хынтәны аолимпиатә хәмаррақәа ирчемпионхахьаз, ааигәа иаалырҟьаны зыԥсҭазаара ҿахҵәаз Буваисар Саитиев игәалашәара ахьӡала имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи атурнир иалахәын Аԥсны ахаҭарнакцәагьы.

Урҭ иреиуоуп еиуеиԥшым акапантә ҩаӡарақәа рҟны иқәгылоз: Дамеи Кархалаа, Баграт Сақаниа, Данил Допуа, Данил Пилиа, Азамаҭ Лазба, Леонид Арсҭаа. «Ианиашьа ихаҵашьоуп» ҳәа шырҳәо еиԥш, урҭ ԥхьахәыда ихнымҳәит рыԥсадгьыл ахь.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡала иқәгылоз Дамеи Кархалаа 48 кь. зыкапан наӡо рыбжьара, Смоленсктәи Кемеровтәи атәылаҿацәқәа рхаҭарнакцәа – Сергеи Вздыханкои, Никита Титови ираԥганы, афиналбжаҿы Красноиарсктәи атәылаҿацә аиқәԥаҩ – Аиыраш Сарыглару диаҵахеит. Убри аҟнытә, аџьазтә медал аҽаԥсатәразы диԥылеит, иагьиаԥигеит Казахсҭантәи аспортсмен Малик Асфандиар. Аԥснытәи агәыԥ рзы ари раԥхьатәи еихьӡаран атурнир аҟны.

Адырҩаҽны, Гәдоуҭатәи ахәыҷтәы-қәыԥштә спортшкол азыҟаҵаҩцәа ҟазацәа ируаӡәку Адам Цәеиба иааӡамҭоу, аха арҭ аиндаҭларақәа рҟны Санкт-Петербург ахьӡала иқәгылоз Данил Пилиа, 71 кь. зыкапан наӡо рыбжьара, Монголиатәи – Мунхтуи Мух – Очири, Даӷьсҭантәи – Абдула Багавудинови уҳәа, хә-еиԥыларак иааирала ихыркәшаны, афинал аҟны Краснодартәи атәылаҿацә ахаҭарнак – Иарослав Колодеи иареи еиқәшәеит. Араҟа, аурыс арԥыс еиҳа илшеит, араӡнытә аԥхьахә ианашьахеит Данил.

Ааи, аҽы иақәымтәац иоуп, уи иканамыжьыц. Аҵахарақәа рылоуп аиааирахь ушнеиуа, аҩбагьы анеицу еиҳа ихеибарҭәаауеит.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me