Баслахәтәи ашкол аҵасқәа еихазҳауа арҵаҩы

Ан лышьҭахь ахәыҷы идунеихәаԥшышьа ашьақәгылараҿы анырра ду ҟаиҵоит арҵаҩы. Адырра адагьы, ауаҩра, ақьиара, абзиабара, уҳәа бзеирас иҟоу зегьы зҟынтә ишьҭикаауагьы арҵаҩ иоуп. Аҳәса жәларбжьаратәи рымш аҽны ишәзеиҭаҳҳәар ҳҭахәуп, ан, анду, 30 шықәса инацны ирҵаҩу, Баслахәтәи ашкол адиректор Асида Ԥачлиаԥҳа лҭоурых.

Лара арҵаҩрахьы дышнеиз, ақалақь аҿы инхоз, аусурҭала еиқәшәаз ақыҭаҿы нхара дзалагаз, насгьы илызҭоз амч, лусуреи лыҩнреи аидбалара, абри атәы шәҳардыруеит анҵамҭаҿы.

Асида Ԥачлиаԥҳа Ԥақәашь диит, дааӡеит. Уаатәи абжьаратә школ дҭалеит. Ақыҭатәи ашколқәа руак аҿы аҵара лҵон аабатәи акласс аҟынӡа, аҩбатәи аҿы - ашкол далгеит. Лара дрызгәдууны дрыхцәажәоит лырҵаҩцәа. Аԥышәа змаз рнапаҟны дҟалеит. Урҭ рнырра лыԥсҭазаараҿы ашьҭа ӷәӷәа аанажьит. Иҟам ныҳәак, иахьагьы зыԥсы ҭоу раԥхьатәи лырҵаҩы, Елена Иван-иԥҳа Коӷониаԥҳа, аҭел дасны ианылмыдылныҳәало.

«Иахьагьы, уаҵәгьы исҳәалоит, иреиҳау аҵариурҭа сзылгаз аасҭагьы, аԥышәа шьҭысхит, ашкол аҿы. Ауасхыр анышьҭоуҵо аамҭазы, иувагыло арҵаҩцәа аума аҵанакуазаап. Уи нахыс уара ухы уахәалароуп. Иахьагьы лыԥсы ҭоуп актәи акласс сыздызкылаз. Ныҳәакгьы бжьасмыжьӡац ларгьы саргьы ҳмеицәажәакәа. Сыбжьгьы лдыруеит иаразнак. Шьҭа шәышықәса рахь лхы налырхоит», - ҳәа еиҭалҳәоит Асида Шьоҭа-иԥҳа.

Ашкол дшалгаз лара аҵара дҭалеит. Хәышықәса афилологиатә факультет аҿы аԥсуа бызшәеи алитературеи рзанааҭ ала аҵара дҭан. Ажурналистикеи арҵаҩреи иҭаз ирҵоз амаҭәарқәа ахьеишьашәалаз аҟнытә, анахьгьы-арахьгьы илыхон. Апрактика дахысуан Аԥсуа радиоҿы, агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аҿы дкьыԥхьуан, аха зегь акоуп, арҵаҩра аԥыжәара агеит. Асида Ԥачлиаԥҳа лхаҭа ашкол данҭаз аамҭеи иахьатәи аамҭеи еиҿырԥшуа илҳәоит.

«Иҟаз ахеидкылақәа – апионер, акомсомол еиԥш, ишааӡагаз ахәыҷқәа рзы. Ашколқәа рҿы иахьа ҳҭагылазаашьа шеиӷьугьы, акружокқәа ҳзымҩаԥгаӡом. Ҳара, ашьыжьымҭан асааҭ ааба рзы аҩны идәылҵуаз ахәыҷқәа, ахәлара анҳахьӡоз ыҟан ашкол аҿы ҳшыҟаз. Ҳҭаацәа акәаҷабқәа кны иаҳԥылон, убри аҟара акружокқәа рацәан ашколқәа рҿы. Оҭар Ачба ҳәа ашкол адиректор дҳаман. Ҳазлахәымыз аицлабра ҳәа акгьы ыҟаӡамызт. Араион аҿы зегь раԥхьа ҳгылазар акәын - шәаҳәароума, кәашароума, хорума. Абазашҭахьы амҩа аазыртыз ҳара ҳашкол ауп. «15 республик – 15 сестер» ҳәа захьӡыз афестиваль аҿы ҳашкол алахәхартә еиԥш иҟарҵеит. Абас еиԥш ауасхыр аноулак, аԥсабарагьы иара атәы аныҟанаҵо, уи азанааҭ ахь иумыхар ауӡом», - ҳәа еиҭалҳәоит арҵаҩы.  

Асида Шьоҭа-иԥҳа дахьнанагаз аҭаацәарагьы лывагылеит лзанааҭ ахь илымаз абзиабара баны. «Еиҳау ахь сцозаргьы, убрахь сымҩа аадыртуан», - лҳәоит Асида Ԥачлиаԥҳа. Лара Аҟәа, Аҳабла ҿыц иҟаз ашкол аҿы аус луан, Баслахә дшыҟаз ауп Аџьынџьтәылатәи еибашьрагьы шалагаз. Уи арыцҳара ду рзаанагеит лара ҭацас дахьрымаз аҭаацәара. Ф-ҩык ауааԥсыра Лаҭа иҭахаз авертолиот иҭаблит. Иахьагьы лылаӷырӡ лызнымкылауа илҳәоит ирхыргаз агәаҟра атәы.  

«Схәыҷқәа руаӡәк аибашьра аилашыкьымҭаз диит. Санхәа гара ргыланы дышлырцәоз, амыткәым аҳәара далагон. Уи заҳауаз асаби деиҵақьықьызуа аҵәыуара дналагон. «Ҳаи, уанду дукәыхшааит, исхамышҭи» ҳәаны ашәаҳәара дналагон. Абысҟак зхызгаз ауаҩы, лгәы иҭоу зегьы ԥхьакны, асаби ашәа анизылҳәа, сара сышԥалывамгылари ҳәа схәыцуан. Аибашьра анеилга сабхәа снаиԥхьан ус саиҳәеит «баба, сбыҳәоит, абра ҳааныжьны, смоҭацәа аныбга, исыхьыз ахлымӡаах исзеицәахоит, ибдыруазааит» ҳәа. Агәаҟра ӷәӷәа ахьыҟаз аҩнаҭа аҵагылара цәгьан. Зны-зынла схәыҷқәа рыла саагәырӷьан саныччоз, аиҳабацәа ргәы иаанагарызеи ҳәа схәыцуан», - еиҭалҳәоит лыбжьы ҵыс-ҵысуа Асида Шьоҭа-иԥҳа.

Аибашьра ашьҭахь лабхәеи ланхәеи ргәырҩеи дареи еизныжьны ақалақь ахь ацара лзымгәаӷьит. Иццышәны ицаз рыҩнгьы ҿыц иргылатәхеит.

«Сабхәа сивагылан аҽаг скит, схәыҷқәа санхәа иналыдҵаны. Иара агәырҩа аныҟала нахыс убыс аџьа иҽазикит, иҽишьуама анаџьалбеит уҳәаратәы. Уи рхьаа хырҽырцаз акәын изыҟарҵозгьы. Саргьы срывамгылар ада ԥсыхәа ҟамлеит», - лҳәоит лара аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа цәгьа лгәаларшәауа. 

1998 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа Асида Ԥачлиаԥҳа аус луеит Баслахәтәи ашкол аҿы рҵаҩыс. Уи ибзоуроуп уаанӡа ашкол иахагылаз Ҷыҷыкәа Хьибба. 1999 шықәса рзы ашкол аҿы аҵара аҟәша еиҳабыс далырхит.

«Гәниа Алеқсандр дыҟан аҵара аҟәша аиҳабыс Очамчыра. Арион ашколқәа рыбжьара КВН мҩаԥаҳгароуп иҳәеит. Ҳашкол ибзианы ҳҽазыҟаҳҵеит, ақәгыларагьы ҳақәҿиеит, аԥхьахә ҳгеит. Убысҟан Аԥсуара зҽаԥсазтәыз арҵаҩы ҳәа аҳаҭыртә бӷьыц санаршьеит. Уи саршанхеит даара. Абри ахьыӡ сзышьҭыхру ҳәа сҟалеит», - ҳәа лгәалалыршәоит Асида Ԥачлиаԥҳа.  

2010 шықәса рзы арҵаҩы ашкол анапхгара лыдырҵеит. Уи еидара духеит лара лзы. Аҭакԥхықәра еиҳагьы еихаҳеит, аха еиҭа лааигәа иҟалеит илывагылаша ауаа.

«Ҩ-маҟак сымӷоуп, ҳәарада. Ахаан ашкол аҿы схала уск смыӡбаӡац. Аиҳабы сыхьӡуп, аха аус зцызуа сырзымҵаакәа ак схала иҟасымҵац. Исылшо сылзыршо дара сызло аколлектив ауп. Кәыдры зырмақәаруа Амҭҟьал ауп рымҳәои, рыбӷа сымоуп. Ауаҩы ихжәаны, инаиқәымчны изнеира аҟазшьа сусураҿы исзаарԥшӡом. Дара ахәыҷқәа снарықәымчны срацәажәандаз ҳәа саныҟало ыҟоуп, ианрыхәҭоу убап, аха исзыҟаҵом. Уи иансаҽԥнырҳәогьы ыҟоуп. Аха, хаала еиҳагьы исыдсыԥхьалошәа сгәы иабоит ауаа. Иахьа ашкол аҿы аус зуа аҿар иҟоуп, урҭ саушьҭымҭацәа роуп, аха урҭ иреиҳабацәа Асида Шьоҭа-иԥҳа анырҳәалак, быҩбыҩы сеиҿышәшәоит. Мчыла акәымка, хаала аус унапаҿы аагара, маананы исыԥхьаӡоит. Абас иҳамоуп араҟа аҳауа, ҳаԥхьаҟагьы ус иҟазарц сҭахуп», - ҳәа лҳәоит Баслахәтәи ашкол адиректор.  

Ақыҭа школ, ҳәарада, ахатәы ҷыдарақәа амоуп. Араҟа аҵара зҵо зегьы аҳабла иатәу роуп. Аҭаацәа, арҵаҩцәа зегьы еибадыруеит, гәырҩак рцеизеиԥшуп, гәырӷьарак еицыртәуп. Ашкол аҿы ҳахьынӡаҟаз уи ҳныруан ҳаргьы. Зегьы еихӡыӡаауеит, ҭаацәара дук аҿы еиԥш. Ааԥынтәи аныҳәа аламҭаз акәын ашкол аҿы ҳаныҟаз, убри аҟынтә араҟа ирацәан ашәҭқәа. Ҳаргьы ҳамҭада ҳаанымхеит. Ахәыҷқәа дара ртәала пату ҳақәырҵар рҭахын, иԥхашьон, аха иҳадгьежьылон.

Асида Шьоҭа-иԥҳа аурок лыман аабатәи акласс аҿы. Аҵәҵәа ҟалаанӡа сышәмырԥхашьан уажәы ҳәа ауада абжьара дрылабжьон лҵаҩцәа. Аурок ианалага, ҳаргьы акласс ахь ҳнеит. Ақалақь аҿы аклассқәа дууны, ахәыҷқәа рацәаны ҳабла зышьцылахьо акәзар, араҟа итәан ф-ҩык аҵаҩцәа. Акласс аҩнуҵҟа иԥхарран, ирызгылан аинтерактивтә ӷәы, изхысуа атема аплан ахьаныз. Ахәыҷқәа аҩныҟатәи дҵас ирыман Алықьса Џьниа иҩымҭа «Ашәҭқәа кәаҳатәым». Ҳазбаз ахәыҷқәа ԥхашьеит, аурок аиҭаҳәара иахыццакуамызт, аха Асида Шьоҭа-иԥҳа азҵаарақәа рыла адҵа «рымылхуа» далагеит. Ажәабжь асиужети ааӡагатә ҿырԥштәқәеи еихҳәаалауа арҵаҩы аурок еиҭалҳәон. Ус сганахьала бжьык аагеит «абуфет ахь сцар ҟалома» ҳәа. Итәаз зегьы ҳаибарыччеит. Ицоз ахԥатәи аурок акәын, Шамиль Кәаӡба амла даныкӡа изымычҳаӡан, ибжьы иргеит. Асида Шьоҭа-иԥҳа Шамиль иахь ихы нарханы «иахьа асасцәа ҳҭоуп, аурок ашьҭахь» ҳәа иалҳәеит дԥышәарччо.

Аурок ашьҭахь арҵаҩы иҳалҳәеит, уажәтәи ахәыҷқәа аиҭаҳәара шырцәыуадаҩу. Уи зыхҟьо еилкааны аҳәара лцәыуадаҩуп. Ашәҟәыԥхьара ари ашкол аҿы игәцаракны ирымоуп. Арҵаратә хабра ашҭаҿы игылоуп аҵлақәа, дара рҿы икыдуп ашәҟәыҩҩцәа рыхьӡқәа зну аӷәқәа. Урҭ ахылаԥшра рнапы иануп аҵаҩцәа. Аҵла зтәу, ашәҟәыҩҩы иҩымҭақәа идыруазароуп. «Ашәҟәыҩҩцәеи ахәыҷқәеи ирыбжьазароуп ацҳа, абасала еиқәырханы иааҳгоит аԥхьара атрадициа. Алитературоуп ауаҩы дзааӡо. Ашәҟәы данамыԥхьа, дхьысҳахоит ахәыҷы», - ҳәа лҳәоит Асида Шьоҭа-иԥҳа.

58-шықәса ирҭагылоу арҵаҩы, хҩык ахшара дрануп, ф-ҩык амоҭацәа драндууп. Лхәыҷқәа зегьы рынасыԥ рыԥшаахьеит. Анцәа ишиҳәара иҟоуп. Лыбжьы ныҵакны илҳәоит, лыԥсҭазаараҿы ашкол еснагь аԥыжәара шамаз лхатә ԥсҭазаара аиҳа.

«Аҩны иагсыжьуа рацәоуп. Абра сыԥхамшьандаз, абри жәлар русуп, абри ахәыҷқәа рааӡара иазкуп, ашкол ашҭаҿы иҟоу атрадициақәа сцәымӡандаз ҳәа схәыцуеит. Ашкол иаҳа сазкуп, аҩнаҭа аасҭа. Абра хьымӡӷ сымгандаз ҳәа сааиуеит. Ашкол аҟынтә ахәыҷқәа сыманы саннеилак, аҩны зегьы ҟаҵан. Уахынла зегь анышьҭалалак акәын стетрадқәа ансыриашоз, аурок сҽаназыҟасҵоз. Иахьагьы исызҭоуп Аҟәа аус анызуаз еиқәсыршәоз аплан. Убысҟантәи аурокқәа иахьагьы срызхьаԥшуеит. Сусура сҽақәырԥсны, аӡәы исцәимгандаз ҳәа сыҟаӡам, сара есымша сазыхиоуп сус сымаздо ивагыларап», - ҳәа лҳәоит Асида Ԥачлиаԥҳа. Лара усҟан еиԥш иахьагьы улазҵаар, иаҳа бџьабаа здуи ҳәа, ашкол ауп ҳәа ншәаҭалкуеит.

Альбина Жьиба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me