«Сгәанала, 2025-2026 шықәсазтәи аӡын ихьыԥшым Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы раԥхьатәи ӡынроуп, афымцалашаразы аамҭалатәи аԥкрақәа рыда имҩасыз. Ара адгылара ду ҟанаҵеит Урыстәыла, уи абиуџьет аҟынтәи ишәан иаарышьҭуаз агуманитартә фымцалашара ахә», - ҳәа иҳәеит Кириенко.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит ацхыраара зырҭо акы иаҿу иоуп ҳәа, Аԥсны акәзар иҳаҩсыз ашықәс азы даара аус ду мҩаԥнагеит.
Ақыҭанхамҩатә аалыҵ аус адулара Аԥснытәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны акыр зыӡбахә ҳәаз ахырхарҭақәа ируакуп.
«Уи иашоуп, избанзар Бадра Зураб-иԥа сынтәатәи ашықәс Аԥсны ақыҭа иашықәсны ирылеиҳәеит. Ареспубликаҿы иуникалтәу аԥсабареи алшара дуи шыҟоу ҳасаб азаҳуазар, уи хымԥада ииашоуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит», – иҳәеит Сергеи Кириенко.
Урыстәылатәи аполитик иара убасгьы иазгәеиҭеит аҳазалхратә еизыҟазаашьақәа русхк аҟны имҩаԥысуа хра злоу аиҭакрақәа.
«Аус ду мҩаԥгоуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Еилыскаауеит уи иҟаз ауадаҩрақәа зегьы ҳасаб рзуны шаҟа имариамыз, аха Аԥсны аҳазалхырҭаҿы аҭагылазаашьа шьаҭанкыла аҽаԥсахит. Ҵыԥх уажәааны дарбанызаалак ақыҭанхамҩаарыхҩы уизҵаар иҳәон, уадаҩра хадас иҟоу аалыҵ азырхиара адагьы, аҳәаа ахыгара ауп ҳәа. Уажәы аҳазалхырҭаҿы аусура аҩаӡара шьаҭанкыла аҽаԥсахит, уи иаразнак иахырго атауар аизырҳара ианырит. Алгара еиҳа ишымариахазҵәҟьа иаразнак ацитрустә шәырқәеи егьырҭ ақыҭанхамҩатә культурақәеи ахьеиҭарҳауа аҭыԥқәа ирыцлеит», - ҳәа азгәеиҭеит Кириенко.
Иахьа Аԥсны азы алшара дуқәа ыҟоуп аалыҵ Урыстәылаҟа агаразы ҳәа иԥхьаӡоит Урыстәылатәи Афедерациа ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.
«Аԥсны аӡа анаҩсангьы иалнагалароуп аус зыдулоу ақыҭанхамҩатә аалыҵ. Иацы ацәыргақәҵаҿы иддырбон афеихоаи ацитрустә шәырқәеи ирылхыз амармелад. Сара уи даара саргәырӷьеит. Акыр азҿлымҳара змоу проектуп афҩы хаа змоу ахәшашәыгақәа рҭыжьра.
Урыстәылатәи аџьармыкьа дуи иахьа арратә операциа ҷыда аамҭазы итрадициатәу Европатәи атауарқәа рыхәҭак атәыла иахьалҵызи ҳасаб рзаҳуазар, иаҳбоит Аԥсны азы иуникалтәу алшарақәа шаатуа.
Иацы ҳалацәажәон анкьа, асовет аамҭазы, Аԥсны афҩы хаа змоу ахәшашәыгақәа рҭыжьраҿы 15 нызқь рҟынӡа аусурҭатә ҭыԥ шыҟаз. Абжа еиҭашьақәургыларгьы, 7 нызқь иназыцҵоу аусурҭатә ҭыԥқәа ҳанаҭоит. Ари Аԥсны азы даара иҭоурых дуны иҟалоит. Арҭ ахықәкқәа рзы 2030 шықәсанӡа иазоужьхар ҟалоит 15 млрд мааҭ рҟынӡа акредитқәа», - иҳәеит Кириенко.
Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Актәи ихаҭыԥуаҩ дыззааҭгылаз хазы зҵаароуп амҩақәа рҭагылазаашьагьы.
Сергеи Кириенко иааигеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет иҳанаҭаз адыррақәа, урҭ иаадырԥшит Аԥсны ауааԥсыра амҩатә ҭагылазаашьа аиӷьтәра хықәкы хадас ишырыԥхьаӡо.
«Убри аҟнытә ацхыраара амҽхак еиҳаҳтәит. Иааидкыланы апрограмма х-миллиардк артәоит», - ҳәа адырра ҟаиҵеит иара.
Сергеи Кириенко игәаанагарала ихадоу ауснагӡатәқәа ируакуп атранспорттәи алогистикатәи инфраструктура аиӷьтәра.
«Аиҭакрақәа асистематә ҟазшьа рымоуп. Ҵыԥх афымцадәыӷба бжьаҳҵеит, сынтәа уи ахәԥса 1000 мааҭ рҟынтәи 300 мааҭ рҟынӡа инаҳгоит. Уи атуристцәа рзы адагьы аҭыԥантәи ауааԥсыра рзгьы акраҵанакуеит», – иҳәеит Кириенко.
Аԥсны аҿиаразы азакәанԥҵаратә ӡбамҭақәа ирласны рыдкылара хымԥадатәиуп.
Сергеи Кириенко инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны азы «алшарақәа рԥенџьыр» ҳәа ззиҳәаз аамҭа хра аманы ахархәара аҵак ду шамоу.
Иара иажәақәа рыла, ари аамҭабжьара иалнаршоит атуристцәа рхыԥхьаӡара аизырҳара, аинвестициақәа ралагалара.
Кириенко иазгәеиҭеит ҳаамҭа иақәшәо азакәанԥҵара аԥҵара шхымԥадатәиу.
«Иҟалалоит ииашоу аӡбарақәа ихьшәаны ианрыдыркыло. Аинвесторцәа ԥшӡом, урҭ Краснодартәи атәылаҿацә, ма егьырҭ ааигәа иҟоу арегионқәа рахь ицар рылшоит.
Акраҵанакуеит азакәанԥҵара неилых ҟамҵакәа зегьы рзы аус ауазар», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Сергеи Кириенко иара убасгьы иазгәеиҭеит Аԥсны ихьыԥшым ҳәынҭқарроуп, адәахьала аҽалагаларақәагьы аднакылом ҳәа, аха ауадаҩрақәа иҟоу рымбара иашам. Азакәанԥҵара адкылара адагьы, уи нагӡалатәуп.
«Аинвесторцәа азакәанқәа аус шырымуа рбар апроектқәа рынагӡара мап рцәыркуеит», – ҳәа ациҵеит иара.
Кириенко иажәақәа рыла, аекономикатә форум аусура азҿлымҳаиа ду цәырнагеит. Афорум аусура иалахәын арегионқәа рхадацәа 15-ҩык, аминистррақәа жәаба, аилахәырақәа шәкы рҟынӡа.
Аха ари алшара ахархәара ареспублика амчра ахәҭақәа зегьы рыласреи рхаҭабзиареи ирхьыԥшуп.
«Сара агәра згоит ари алшара ахархәара шаиуа», - иажәа хиркәшеит иара.


