10.02.1951ш. рзы диит, наҟ-наҟ аспорт адунеи аҿы зхатәы ҭыԥ аанызкылаз Хәытаба Рашь Хабыгә –иԥа, сынтәа уи диижьҭеи 75 шықәса ҵуеит, уи амш идныҳәало, изеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәамч, аманшәалара, аԥсҭазаара бзиа. Аԥсназы иџьабаақәа рацәоуп, илшеит Аԥсны аӡыргара, адунеи акәакьқәа рҟны дырдырра… Аԥсны ԥшӡа дагымзааит…
Хәытаба Рашь Хабыгә –иԥа дызнылаз аспорт ду амҩа хьтәы еимхәыцла еибыҭоуп. Иқыҭаҿы ажәабатәи акласс даналга иҩызцәа Гурамгьы, Гуликгьы, Рашьгьы еицны Гәдауҭатәи аспорт школ ахь ицеит. Усҟан ари ашкол еиҳабыс Аиба Славик Виссарион-иԥа даман. Уаҟа зҽазыҟазҵоз рацәаҩын, урҭ мҩақәиҵон Бениа Ӡука Маҳмед- иԥа.
- Ҳара еицыз, - иҳәеит Рашь Хәытаба, - аспортзал иҩналаз Ӡука Маҳмед иԥа акыраамҭа дҳахәаԥшуан, нас сара даасыдгылан: – уара уалҵи, сахьуыхәаԥшуа ақәԥара улоушәа збоит, - иҳәан, саарылигеит. Сзықәԥоз зегьы сыриааит… Ҳанцоз Ӡука сааникылан, уара зхы иақәиҭу аспорт хкаҿы аԥеиԥш ааурԥшыр улшоит. Рашь уи азы аҽазыҟаҵарақәа аҭахуп, уаалароуп, – ҳәа саҳәаны, иус ахь дцеит. Уинахыс Хәытаба Рашь ашколаҿы иҵатәхәқәа данрылгалак даауан, шьапыла мацара данаауазгьы ыҟан…
– Сара зхы иақәиҭу ақәԥара сызҿыз даара исгәаԥхон. Уи аамҭазы ацара-аарақәа уадаҩын, аха сҽахьысыгӡон, – иҳәеит Рашь Хәытаба. Рашь хаҭалатәи иазыҟаҵаҩ Бениа Ӡука иакәын. Уахгьы-ҽынгьы илаԥш ихын, иҽаназыҟаиҵоз аамҭа рацәала иааигәа дыҟан.
– Рашь Хәытаба, - иҳәеит Ӡука, – аиқәԥараҿы иарбанзаалак иурбоз аспорттә хәҭақәа иаразнак идикылон, ихы аџьабаа аирбон, даашьаӡомызт. Иҿыцу иибаз иҵаанӡа аԥсшьара издырӡомызт. Уи аԥсабара инаҭаз абаҩхатәра даара ихәеит, аха аџьабаа дугьы ацын. Ахааназ сааԥсеит ҳәа аҽазыҟаҵарақәа аанимыжьит. Алҵшәа аныҟалалак ихы-иҿы ихаччо даасԥыланы, сгәыдикылон. Иԥсҭазаара зегьы аспорт иадҳәалан. Иахьагьы Рашь изку анҵамҭақәа ҳанрыхәаԥшуа ԥсҭазаара дуӡӡак аатуеит. Ажәлар ршьапы иқәгыланы ихәаԥшуан. Аиааира анигалак Аԥсны ахы-аҵыхәа аиԥыларақәа мҩаԥыргон, еигәырӷьон. Рашь иқәыԥшра ашықәсқәа раан «Динамо» Аҟәа ахьӡала дықәԥон. Есааира зхы иақәиҭу ақәԥараҿы иеизҳарақәа ирыцлон. Усҟантәи аамҭазы арԥыс қәыԥш Аԥсны иҭыҵуаз агазеҭқәа рҿы иӡбахә лассы-лассы ианырҵон.
– 1981 шықәсазы, – иҳәеит Хәытаба Рашь, – Улан-Уде сықәгылон Хадарцев Аслани сареи ҳаиндаҭлон. Азалаҿы ушьапы ахьургыло ыҟамызт. Ахәаԥшцәа рыла иҭәын. Абраҟа Аслан Хадарцев сииааит, Асовет Еидгыла ачемпион ҳәа ахьӡ ҳаракы схырҵеит. – Аԥсныҟа саныхынҳә, – аԥсуаа ҵыхәаԥҵәарада иааны исыдныҳәалон. Уи даараӡа сгәы шьҭнахуан, сарӷәӷәон. Урҭ амшқәа ахааназ исхамшҭуа мшқәаны сгәаҵаҿы иаанхоит.
1982 ш. рзы Европа ачемпионат мҩаԥысуан, уаҟа Рашь анемец спортсмен Уве Ноипетра диааит, Уи адагьы ачемпионат иалахәыз зегьы рыҟнытә иреиӷьу аспортсмен ҳәа далыркааит, амедал «Аџьаус зҽаԥсазтәыз» ианаршьеит. Иара убри ашықәсан «Жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза» ҳәа ахьӡ ҳаракы ихырҵеит. Убасгьы, Хәытаба Рашь Хабыгә-иԥа ианашьоуп «Ахьӡ-аԥша» ахԥатәи аҩаӡара (2015 ш.), «Ахьӡ-аԥша аҩбатәи аҩаӡара (2018 ш.)
Рашь Хабыгә-иԥа зхы иақәиҭу ақәԥараҿы иеихьӡарақәеи ииааирақәеи дарбанзаалак агәахәара ду инаҭоит. Уи испорттә мҩа ҭбааҿы ихигаз, дызхысыз ус имариаӡам, иеихьӡарақәа зегьы аџьабаа дуӡӡа ацуп.
1981 ш. рзы Асовет Еидгылеи Америкеи реицлабраҿы аиааира игеит. Хәытаба Рашь Хабыгә-иԥа испорттә ԥс-азаараҿы аҳәаанырцәтәи аспортсменцәа дзықәԥоз зегьы дыриааит. Уи аспорт аҭоурыхаҿы аҵакы дуӡӡа амоуп.
Хәытаба Рашь аҭаацәара ԥшӡа аԥиҵеит. Иԥсҭазаара Аџьба Зита Џьубеи-иԥҳа илымеидеит. Урҭ ԥшьҩык аԥацәа рхылҵит: Баграт, Бесик, Баҭал, Баџьгәыр. Урҭ рыԥшьҩык, зхы иақәиҭу ақәԥараҿы рыҽԥыршәеит, аихьӡарақәагьы рымоуп.
Хәытаба Баграт адунеи ҩынтә дачемпионхахьеит. Беслан иакәзар ари аспорт хкаҿы илшоз рацәан, аха амҩатә машәыр иахҟьаны иаанижьит. Баџьгәыр Урыстәыла акыр атурнирқәа рҟны аиааира игахьан, аха ачымазара «КОВИД» ашьҭахь аспорт аанижьыр акәхеит.
Рашь Хәытаба иԥсҭазаара зегьы аспорт иацуп. – Уахгьы-ҽынгьы аицлабрақәа санрылахәыз ҳаԥсадгьыл Аԥсны сыбла ихгылан. Ҳажәлар ргәыбылра еснагь исыцын, иахьагьы исыцуп. Аиааирақәа сыманы саныхынҳәуазаалакгьы исԥылон, исеигәырӷьон… Сиааирақәа зегьы сыжәлар рыԥсҭазаара иагәыцә хаданы иаанхоит. Сызнысыз амҩа лассы-лассы сыбла иаахгылалоит,уи аԥсҭазаара иалзгаз аихьӡарақәа Аԥсназы иҭоурыхны наӡаӡа иаанхоит. Исҭахуп ҳажәлар знысыз, ирхыргаз аибашьра ашьҭахь, напеикәыршала еибабо, Аԥсны ԥшӡа иалиаалар адунеи ҳазырдыруа аҿар рацәаҩны.
Хәытаба Рашь Хабыгә-иԥа 75 шықәса ихыҵра идныҳәало ашықәс рацәа изеиӷьаҳшьоит. Ҭаацәала рыԥсадгьыл Аԥсны аҭоурыхаҿы рышьҭа анымҵӡо ианырҵеит. Аспорт ду, Аԥсны зхы иақәиҭу ақәԥара Хәытаба Рашь Хабыгә-иԥа дагәыцәны даанхоит.
Гугуца Џьыкырба


