Амассатә информациатә хархәагақәа зегь рахьтә агазеҭ хадароуп, иара зтәу ажәлар (еиҳараӡакгьы хыҧхьаӡарала имаҷу) рхьаа, рыгәҭыха, реихьӡарақәа уҳәа саркьалҵас илыҧшааху хатәы бызшәала аҧхьаҩ игәаҵанӡа анагараҿы ҳҳәар агха ҳахьрым.

«Амшын-Қәыџьма»

07 Ԥхынгәы 2023 08:03

Аибашьра иарбан аамҭазаалакгьы инымҵәаӡо ахьаа, агәырҩа, алаҕырӡ ацуп.

30 шықәса шҵуагьы дарбанызаалак изы иҭахаз рҭоурыхқәа аҳәара, агәаларшәара уадаҩуп.

«Сара» аасҭа – «Ҳара»

07 Ԥхынгәы 2023 08:01

Шьала еиқәырхоу ҳтәыла аполитикатә хьыԥшымра аҽҳәаақәнаҵеижьҭеи абар, сынтәа х-жәашықәсак ҵуеит, ҩымз рнаҩс. Зынӡа ирацәамзаргьы, имаҷцәоуп ҳазҳәарым ари аамҭа. Убри аҟнытә, есымшааирагьы ҳауаажәларратә бзазараҿы иҵарны иқәгылоит ҳҳәынҭқарра аекономикатә ҭагылазаашьа азҵаара.

Сергеи Арушьан-иҧа Агындиа диит (08.07.1953) Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан. СССР-и, Урыстәылеи, Аҧсни ржурналистцәа Реидгылақәа дрылоуп.  1997 ш. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылахь дрыдыркылеит, 2003 ш. раахыс – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа далоуп.

Ииуль ҩба рзы ҳтәылаҿы иазгәарҭоит аҭоурыхтә рыцхә. Ари амш аҽны, ҩажәи жәаба шықәса раҧхьа Очамчыра араион, Тамшь ақыҭан амшын аҧшаҳәаҿы иӡхыҵит аҧсуа ар рдесант. Адесант аӡхыҵреи, Гәымсҭа аӡиас армарахьтәи аҧшаҳәа аанкылареи рыла иалагеит жәамш рыҩныҵҟа ицоз ииультәи ажәылара.

Август  жәиҧшь,  зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи жәаҩа   шықәса,  ахәаша.  Аҽны  асааҭ   12 рзы    имҩаҧысраны  иҟан, усҟантәи Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет асессиа.  Уаҟа ирылацәажәаран иҟан Аҧсни Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа рзы аиқәшаҳаҭра иазкыз азҵаара.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me