Лаҵара 04, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ахыншьалара зегьы ирылам...

Аҧсуаа ражәа иалаҵаны ирҳәоит: «Ҭәи млашьи зеибадыруам». Аиашазы, мариала, амазеи иашьцыланы, уи ала зхы ныҟәызго ахаангьы ихаҿы иааигарц дашьҭалом, иагьизеилкаауам ахныҟәгара зцәыуадаҩу, аҳәынҭқарра аҟнытә ауалафахәы 10 нызқь мааҭ зауа, уи ала инхо ауаа рыбзазашьа.


Ауааҧсыра рынхашьа­-рынҵышьа аҟны ицәырҵуа азҵаарақәа рацәоуп. Проблема хаданы иҟоу ируакуп ауааҧсыра нхарҭа ҭыҧла реиқәыршәара ахьзалымшо. Иахьа ауадақәа ахә рыхшәаауа инхо аҧсуа ҭаацәарақәа маҷым. Урҭ реиҳараҩык ҿыц аҭаацәарақәа аҧызҵаз, ма ҩыџьа-хҩык ахшара змоу роуп.
Аҧсуа жәлар ҳдемографиатә ҭагылазаашьа аӡәгьы изы имаӡам, ҳажәлар зламаҷу ала, аизҳара, аҿиара шхымҧадатәиу зегьы иаадыруеит.
Ари апроблема ацхыраара хацнаркит Агәыҳалалратә фонд «Азҳара». Аҳәынҭқарра аҟнытә, ҿыц ииз ахәыҷы изоурыжьуаз аҧара даарак ирацәамызт. Ҳазҭалаз 2024-тәи ашықәс азы насыҧны уи шьҭырхит. Аус зуа аҭаацәара ма аҭаацәа руаӡәк аус иуазар, ари аҭаацәара аҟны ииз ахәыҷы изы аҳәынҭқарра аҟнытә ирзыршәоит 27 нызқь мааҭ.
Аус зымуа аҭаацәа, ииз ахәыҷы изы ирзыршәоит 22 нызқь мааҭ.
Ҳәарада, цхыраагӡак аҳасабала уи акыр иаҧсоуп ҿыц ииз ахәыҷы иааӡараҿы.
Ҿыц ииз ахәыҷы изы аҳәынҭқарра аҟнытә аҭаацәа ирзыршәоз ацхыраагӡа ашьҭыхра инамаданы Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба ҳаиҿцәажәараан хаҭала, инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарратә хықәкытә программа «Анхарҭа – 2023-2025» шышьақәырҕәҕәоу, аус шауа.

«Апрограмма еиҿкаауп еиуеиҧшым акатегориақәа рыла. Ауадақәа зҭаху ауаҩы ииҩыз арзаҳал инақәыршәаны, уи аҟны иарбоу акатегориақәа ирыҵаркуа ауадақәа рыҭара еиҿкаауп. Уи хылаҧшра аҭаны, иҭҵааны иазнеиуеит иазыҧҵәоу акомиссиа»,– иҳәеит уи.
«Анхарҭа – 2023-2025» апрограммаҿы иазгәаҭоу акатегориақәа иреиуоуп:
ауадақәа зҭаху ихьӡ зҳәо, ихьӡала иҟоу, ихатә нхарҭа ҭыҧ ыҟамзароуп Аҧсны, еснагь дахьынхо аҭыҧгьы имамзароуп;
актәи агәыҧ аинвалид, ма Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иоуз ахәра иахҟьаны иинвалидхаз;
ахшарарацәа змоу аҭаацәарақәа, х-ҩык инареиҳаны ахшара змоу;
ахәыҷы-инвалид дызмоу аҭаацәарақәа (даниз инаркны – аинвалид);
зықәра намӡац, зани заби, зҭаацәа аҩыџьагь зцәыӡыз, изыҧхаз ахәыҷқәа-аеҭымцәа;
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз, ма хабарда ибжьаӡыз рҭаацәарақәа уҳәа убас егьырҭгьы.

Ҳәарада, «Анхарҭа – 2023-2025» иаҵанакуа акатегориақәа нхарҭа ҭыҧла реиқәыршәара даара акыр зҵазкуа, хәарҭара дугьы злоу усмҩаҧгатәуп. Аха хыхь еиқәыҧхьаӡоу акатегориақәа ирыҵаркуа, нхарҭа ҭыҧ змамкәан, ауадақәа аҧара рыхшәаауа, инкыдгәгәало, иахьа ара, уаҵәы ана ҳәа, зымаҭәақәа ҿаҳәаны иқәу ҳауаажәлар рхаҭарнакцәагьы рызхьаҧшра, ацхыраара рыҭара хымҧадатәиуп, сгәанала.
Аӡәгьы изы имаӡам, шьаҿацыҧхьаӡа уаҩ ибла ихгыло акы акәны ишыҟоу, ҵыхәаҧҵәарада зыргылара иаҿу, зхыҧхьаӡара ес-ааира иацло, иазҳауа асасааирҭақәа. Ахатәы сасааирҭақәеи аҩнқәеи ҳтәылаҿы имаҷымкәан уаҩы ишиҧылогьы, аҳәынҭқарра иатәу, Аҧсны анапхгара аҟны иҟоу аӡәырҩыгьы ари абизнес ахархәара арҭоит, иааинырслангьы ахан хьыҵәцарақәа дыргылоит. Убри аамҭазы, 30 шықәса раахыс иҭацәны, хлаҧшыда иҟоу, аибашьра ашьҭахь ҳтәылауаа акымкәа-ҩбамкәа иныркылаз ауадақәеи анхарҭақәеи ҭҵааны, иахьа уажәраанӡа аҧшәма дызхым, нхарҭада аган иавахаз ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа рыҭара залмыршахеит. Ари аус иазхьаҧштәуижьҭеи акыр ҵуеит.
Еилкаауп, иарбан усзаалак аиҿкаара, уи ҧхьаҟацара, аҿиара аиурц азы иҟаҵатәу, имҩаҧгатәу аусмҩаҧгатәқәа шырацәоу, ишымариам. Аха аиҳабы инаиркны аиҵбы иҟынӡа, абеиа инаиркны аҕар иҟынӡа, аҧсуа жәлар еицаҳзеиҧшу аусқәа зегьы неилымхрада, хыншьаларала, рыцҳаибашьарыла ҳазнеироуп. Иахьа ицәаҩа бааҧсны иҳамоу ишьҭаҳкааз, аҽхәареи аҽырҧагьареи каҳажьыр цәгьамызт. Ҳҩыза, ҳақәла дҕарны, иҭаацәа рныҟәгара ицәыхьанҭаны, нхарҭа ҭыҧда даныҟоу, шьоукы уи ицхраара, ирыцҳашьара ацынхәрас, рмашьынақәа леивых-ҩеивыхуа, иқьышә хжәаны иаҩсуеит. Иреиҕьоу атәылақәа рахь ҧсшьара ацареи, аресторанқәа рҟны ҳтәылауаа реиҳараҩык шықәсыктәи руалафахәы знык ала иныхны ицоит. Ас еиҧш аҟазшьа бааҧс ахааназгьы аҧсуа ишитәымыз аадыруазар, иаҳгәалашәозароуп. Усҟан ҳхаҿра еиҕьхоит, анкьа иҿырҧшыган, изҵашьыцуаз жәларны ҳшыҟаз еиҧш, ҳхьышьҭрахь ҳхынҳәуеит!

Алиса Гәажә-ҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me