Лаҵара 04, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Хаҭала ахылаԥшра

Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭаҿы анҭыҵтәи аилатәара мҩаԥигеит.


Ахәышәтәырҭахь анеира ауааԥсыра лассы-лассы иаадырԥшуа агәынамӡарақәа ирыдҳәалахеит, – адырра ҟанаҵоит агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
«Иҟоуп уадаҩрақәак, иҟоуп шәусура аганахьала аԥынгылақәа, агәабзиарахьчара Аминистррахь ауаа ашшуеит. Ҳара араҟа арҭ азҵаарақәа ҳаӡбароуп», – иҳәеит аминистр. Уи аҳақьымцәа амедусбарҭа амаҵзурақәа зегьы русуразы адырра ҟарҵарц азы аҳәара ҟаиҵеит.
Аҳақьымцәа данрыҿцәажәа ашьҭахь еилкаахеит ахирургиатә маҵзуразы иаахәаз амаругақәа аинсталлиациа аетап аан атехникатә уадаҩрақәа шцәырҵыз, убри аҟнытә уи инагӡаны аус арура залмыршахеит.
Аминистр аамҭа кьаҿк иалагӡаны амаругақәа аусура раларгаразы аспециалистцәа рынашьҭразы адҵа ҟаиҵеит.
Агхақәа аарԥшын ахәышә­тәырҭа абиохимиатә лабораториа аусураҿы.
Аминистр ахәыҷқәа ианаамҭоу зхаҭабзиара ҳараку ацхыраара рыҭара аҵакы дазааҭгылеит. Иарбоу аусура ахырхарҭа аминистр ихадоу акакәны иазгәеиҭеит. Хыхь иарбаз аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара иара хаҭала ахылаԥшра аиҭалоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит агәабзиарахьчара аминистр

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me