Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ҳауниверситет аҿы – ацентр ҿыц

Ианвар анҵәамҭазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет даҭааит Москватәи Иреиҳаӡоу аекономикатә школ аректор, афизика-математикатә наукақәа ркандидат Никита Иури-иԥа Анисимов. Араҟа аекономикатә факультет астудентцәеи, ауниверситет арҵаҩратә еилазаареи алархәны имҩаԥыргеит аиԥылара.


Асас бзиала уаабеит ҳәа иаҳәо, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, академик Алеко Гәарамиа дазааҭгылеит, Урыстәылатәи иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәеи ҳареи аимадара бзиа шҳамоу. «Аибашьра анеилгаз, ихьанҭаз аамҭазы Аԥсныҟа зегь раԥхьа, ҳауниверситет иаҭааз дреиуан Мордовиатәи ауниверситет аректор Николаи Макарски, нас, Ломоносов ихьӡ зху Москватәи Аҳәынҭуниверситет аректор В.Садовничи. Иахьа абри иаҳҭааз Никита Анисимов Москватәи Иреиҳаӡоу аекономикатә школ дастудентхеит 15 шықәса данырҭагылаз. Ҳара ҳзы акраҵанакуеит ари аиԥылара. Уи ахықәкы хадақәа ируакуп: Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы иаартхоит М.Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет анаукеи аҵарадырреи рцентр.
Никита Анисимов арахь дааиаанӡа диқәшәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба. Иазгәаҭатәуп иаргьы дшыруаӡәку Москватәи ауниверситет аушьҭымҭацәа.
Никита Анисимов иқәгылараҿ иҳәеит, Инал Арӡынба имаҷымкәа аусқәа шымҩаԥигахьоу ҳҵараиурҭақәа лҵшәа бзиала аус еицыруразы. «Иахьа ҳара ҳауниверситет аҿы аҵара рҵоит жәаҩыла астудентцәа, хаҭала аекономикатә факультет аҿы. Ҳара ҳхықәкы: Аԥснытәи астудентцәа зхаҭабзиара ҳараку аҵарадырра рыҭаны Аԥсныҟа, рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәра ауп. Даара алҵшәа бзиахон урҭ аекономика аганахьала рхатәы проектқәа ҟаҵаны изыхынҳәыр. Уи инаҷыданы ҳара ҳаигәныҩра арҭбаауеит ҳастудентцәа аекспедициа аҳасабала арахь иаар, сгәы иаанагоит, ара шәара шәҿы ирбаша, иҭырҵааша рацәоуп ҳәа».
Аиԥылара хыркәшо, Никита Анисимов рҭакқәа ҟаиҵеит ирацәаны ирҭоз азҵаарақәа, онлаин-арҵарагьы дзавымсит. Аԥхьаҟазы уи аҩыза арҵара ахатәы ҭыԥ ааннакылоит.

Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me