Лаҵара 05, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аиааира ргеит

Наталиеи Христинеи Симониаа аҿыбӷаҟазара-спорттә клуб «Виват Россия» аԥхьахәқәа ргаразы амуниципалтә еицлабрақәа рҿы аиааира ргеит.


Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы аофициалтә саит.
Христина аҽыҩ Колумбус дақәтәаны, 130 см. рҟынӡа иҳараку аҵәыргыла ахыԥараан актәи аҭыԥ аанылкылеит.
Наталиа аҽыҩқәа Раскати Кловис Дальтенбахи дрықәтәаны 125 см., 140 см. рҟынӡа иҳараку аҵәыргыла ахыԥараан актәи аҭыԥ аанылкылеит.
Атурнир ажьырныҳәамза 24-29 рзы аҿыбӷаҟазара-спорттә клуб «Виват Россия» аҵакыраҿы имҩаԥысит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me