Лаҵара 05, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ахьшәашәарақәеи амшцәгьақәеи анеицыла

Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоуи Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Иаппарат аҟны иаԥҵоу Ауаажәларратә хеилаки жәабранмза 6 инаркны иалагалахо ашколқәа рҿы аҵара асааҭқәа ирықәшәо афымцамч арцәаразы аграфик ҿыц инамаданы ӷәӷәала агәҭынчымра аадырԥшуеит.


«Уи ашколқәа рҿы иахьа иара усгьы имариам аепидемиологиатә ҭагылазаашьа еиҳагьы иаруадаҩуеит, атәыла ашколқәа рҿы ауадақәа рырԥхаразы аиҳарак ахархәара змоу афымцатә рԥхагақәа ахьраку инамаданы, аҵаҩцәа рчымазахара иацнаҵоит. Есышықәса, аиҳарак аӡынтәи аамҭазы азы ишьақәгыло ари аҩыза аҭагылазаашьа ахәыҷқәа ргәабзиара ашәарҭара иҭанаргылоит. Иазгәаҭатәуп, иарбоу аҭагылазаашьа аганахьала 2024 шықәсагьы иаԥхьанеиуаз ашықәсқәа ишреиԥшхаз», – иазгәаҭоуп Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳаи аомбудсмен Иаппарат аҟны иаԥҵоу Ауаажәларратә Хеилаки иҟарҵаз аҳәамҭаҿы.
Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳа атәыла анапхгареи Ареспубликатә унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» анапхгареи рахь афымцамч арцәара аграфик еиҭахәаԥшзарц азы аҳәара ҟалҵеит.
Ареспубликатә унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал аинформациатә маҵзура «Аԥсныпресс» акорреспондент диҿцәажо, ауааԥсыра агәынамӡара ззаадырԥшуа афымцамч арцәара аграфик ҿыц алагалара иадҳәалоу аҭагылазаашьа далацәажәеит.
Уи иажәақәа рыла, иахьазы Аԥсны Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи афымцамч аиура аганахьала аԥкрақәа ыҟоуп. Уи Урыстәыла уажәы иҟоу атехникатә проблемақәак ирыдҳәалахеит.
Уажәы Урыстәылантәи иаауа афымцамч , - ари коммерциатәуп.
«Урыстәыла иҳанаҭар зылшо амчхарақәа рыҽҭагӡаразы ҳара ашьыжь, асааҭ 7 инаркны анаҩс амш иалагӡаны аграфик инақәыршәаны аԥкрақәа алаҳгалар акәхоит. Ҳара ибзиаӡаны еилаҳкаауеит уи ауааԥсыра, аиҳарак Аҟәа аиланхарҭатә ҳаблақәа рҿы инхо акыр ишаргәамҵуа, аха атехникатә мзызқәа ирыхҟьаны уаҳа даҽакала иауӡом. Уажәаԥхьа Гагра ақалақь аҿы аиԥш-зеиԥшу аграфик ыҟан», – иҳәеит Ҭемыр Џьынџьал.
Ареспубликатә унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» анапхгаҩы, изеиԥшразаалак атехникатә лшара ыҟазҭгьы аграфик хымԥада еиҭакхон ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Аха, рыцҳарас иҟалаз, ҳара иҳамоу атехникатә ҭагылазаашьақәа рҿы ишьақәырӷәӷәаз афымцамч азоужьра ҳасаб азуны афымцамч арцәара аграфик ҳзыԥсахӡом. Ари аграфик хымш рзы мацара иеиқәыршәоуп, уи маҷ-маҷ аиҭакрақәа алагалахар алшоит», – иҳәеит Ҭемыр Џьынџьал.
Иара иажәақәа рыла, «Амшынеиқәафымцамч» атехникатә персонал зегьы 5 сааҭк инарзынаԥшуа ауааԥсыра рҭагылазаашьа армариара азы иҟаҵатәу иалацәажәон. Иқәырҵеит-иқәырхит, аха уажәазы аҭагылазаашьа арҽеира залыршахом.
Ҭемыр Џьынџьал иара убас жәабранмза 5 - 6 ауха иҟалаз аԥсабаратә цәырҵра ахҟьаԥҟьақәа дрылацәажәеит.
«Иацы аԥшацәгьа ҵысит, адыд-мацәыс ыҟан. Уи ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы аусурақәа мҩаԥысит. Еиҳа ааха зауз Тҟәарчал араион ауп, уаҟа ирацәаны аҵлақәа каҳаит, афымцамҩангагақәа хыжәжәеит. Тҟәарчалҟа амаҭәахәқәа рыманы атехника ҷыда дәықәаҳҵеит. Очамчыра, Гәылрыԥшь араионқәеи Гагра ақалақьи рҿы зымчхара 10 кВ рҟынӡа инаӡо афымцамҩангагақәа рҿы аиԥҟьарақәа ҟалеит», – адырра ҟаиҵеит иара.
Аспециалистцәа аҭыԥқәа рҿы аус руеит. «Амшынеиқәафымцамч» урҭ иахәҭоу амаҭәахә, аиқәыршәагақәа, атехника рыла реиқәыршәара алнаршоит.
Ҭемыр Џьынџьал иажәақәа рыла, ихыркәшахоит аиҭашьақәыргыларатә усурақәа зегьы. Афымчамц амчхара ахьылаҟәыз иахҟьаны лассы-лассы графикла арцәарақәа шалагалогьы, ауааԥсыра уи аҵыхәала агәамҵра шаадырԥшуагьы, џьара-џьара амаининг маругақәа аус шыруц ируеит. Аԥсны Аинформациа-коммуникациатә технологиақәа изакәанымкәа рхархәара аҿагыларазы Аусбарҭеи Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилаки русзуҩцәа аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи Аҟәа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭеи рхаҭарнакцәа рыцны имҩаԥыргаз аоперативтә усмҩаԥгатәқәа раан Аҟәа араион Иашҭхәа ақыҭан ирыԥшааит аус зуаз 63 цыра акриптовалиута арҳара иазкыз аппаратқәа, – адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы апресс-маҵзура.
Амаининг ферма ааглыхратә зонаҿы иҟоу ашьҭаҵарҭа иҩнагылан. Ироуз аинформациала ишьақәыргылахеит уи аԥшәымас дшыҟоу иарбоу ахыбра қьырала иаанкыланы измоу Аԥсны атәылауаҩ Смыр Т.Т. Аппаратқәа зегьы аҿыхны Аԥсны Аҳәынҭстандарт ахь инаргеит. Аҳазалхратә ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы автомашьына ВАЗ-21063 агәаҭараан, Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа ирыԥшааит, иагьрымырхит хә-маининг аппаратқәа «AvalonMiner 1346», иара убас аԥшаҩнарсгақәа хәба.
Иарбоу аиқәыршәагақәа амашьына аидараҭыԥ аҿы иҭаз архьшәашәага аҩныҵҟа иҵәахын. Амашьына аԥсҟы икын Урыстәыла атәылауаҩ Кондакчиан А.Х.
Ари аус аматериалқәа зегьы Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аҳазалхратә усеилыргарақәеи аҭҵаареи рыҟәша ахь инашьҭуп. Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәшеи аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура араионтә ҟәшеи русзуҩцәа Лыхны ақыҭан 57 цыра амаининг аппаратқәа ԥшааны ирымырхит.
Имҩаԥгаз аоператив-ԥшааратә усура иалҵшәаны дшьақәыргылан изакәанымкәа аус зуаз ари акриптоферма зтәыз. Аппаратқәа афымцацәаҳәақәа рҟынтәи иаҿыхны араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәшахь аамҭала ашьҭаҵаразы инагоуп.
Изакәанымкәа акриптоферма аус арура афакт аганахьала агәаҭарақәа мҩаԥысуеит, ашәҟәынҵа еиқәыршәоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Гәдоуҭа араион Ахадара аофициалтә саит.

Акьыԥхь иазирхиеит Б. Қаџьиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me