Лаҵара 04, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аиааира мгакәа даанымгылеит

Аԥснытәи аспортсмен Харитон Агрба Екатеринбург ақалақь аҿы имҩаԥысыз абокс азы атурнир RCC Boxing Promotions аҿы атехникатә нокаут ала Шәачатәи аспортсмен Ваге Сураханиан дииааит.


Харитон Агрба изы ари 13-тәи иааироуп RCC Boxing Promotions иаҵанакуа апрофессионалтә ринг аҿы. Иара абжьаратә капан - 65 килограмм рҟынӡа иҟоу рыбжьара дықәгылоит.
Аиԥылара 10 раундк рыла ишьақәгылар акәын, аха аабатәи араунд ашьҭахь Ваге Сураханиан мап ахьикыз иахҟьаны аиндаҭлара ҳџьынџьуаҩ ииааирала ихыркәшахеит.
Харитон Агрба актәи араунд инаркны аԥыжәара иман, уи илахь ааха шаиузгьы, аиааира имгакәа даанымгылеит.
Ваге Саруханиангьы ааха иоуит. Убри иахҟьаны иара аабатәи араунд ашьҭахь аиндаҭлара ацҵара мап ацәикит.
Аиндаҭлара ашьҭахь Харитон Агрба иҳәеит: «Абокс аԥсы ҭоуп, дарбанызаалак абоксиор аринг ахь данцәырҵуа агәра игоит хымԥада аиааира агара шилшо. Аринг ахь уанцәырҵуа еилукаауазар ауп уи еиуеиԥшым ахҟьаԥҟьақәа, ахәахәарақәа уҳәа ацзар шалшо. Ҳара аринг ахь ҳазцәырҵуа ари аспортхк аҿы иреиӷьу иаарԥшразы, иҽышьақәыӷәӷәаразы ауп. Иахьа сара аиааира агара сылшеит. Аинахысгьы сҽазысшәоит убасҵәҟьа ақәҿиарақәеи аихьӡарақәеи раарԥшра».

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me