АХҬЫСҚӘА

Аахыҵ-Уаԥстәыла иақәлеижьҭеи Кәыдырҭа ҭадырцәижьҭеи 18 шықәса ҵит

Август 8 азы Аахыҵ-Уаԥстәыла аибашьра ианалагаз инаркны 18 шықәса ҵит. Уи иаиуит даҽа хьӡыкгьы – «хәымыштәи аибашьра». 2008 шықәса август 8 ауха икахха ацәа алаз Цхинвали уи акәша-мыкәшеи ақырҭуа ар «Град» ҳәа изышьҭоу аибашьыга бџьар ала ахымца рыжәырҵеит. Хықәкысгьы иҟаз акакәын, ареспублика цҟьа-шәҟьа ақәҵара.

Август 7 ахәылԥаз, 19:40 азы Михаил Саакашвили Қырҭтәыла ажәлар рахь ихы нарханы иҳәеит ахәылԥаз ақырҭуа архәҭақәа зегьы адҵа шриҭаз Цхинвалтәи арегион аҿы аҭак хымца аадмыртырц. Аха х-сааҭк ааҵуаны Қырҭтәыла Аахыҵ-Уаԥстәыла иақәлеит.

Усҟан Аԥснгьы ашьамхы еикәырша итәамызт, наҟ-ааҟ аицахырааразы ирыбжьаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны абарҭ ахҭысқәа аҽрылархәразы еиуеиԥшым аусмҩаԥгақәқәа ирылацәажәон.

Аԥсны атәылахьчара Аминистрра архәҭақәа мрагыларатәи ргәыԥ Очамчыра араион, Гал араион аҟны рҽышьақәырӷәӷәара иаҿын.

Уаҩы ибон ауааԥсыра Аахыҵ-уаԥстәыла ашьақәгылара иаҿыз аҭагылазаашьа агәҭынчымра шырнаҭоз, убри аҩыза Аԥсны иҟаларгьы шалшоз.

Қырҭтәыла анапхгара ақәгәыӷуан сааҭқәак рыла Аахыҵ-Уаԥстәыла ампыҵахалара адырҩаҽны Цхинвал «аиааира згаз рпарад» амҩаԥгара. Аха…

 Аибашьраан ирбган, ааха рыҭан аҭынч уааԥсыра рыҩнқәа 745, ҩышә инареиҳаны анаплакқәеи аусҳәарҭақәеи рҳәын, иԥыххаа иқәҵан. Иҭахеит, ахәрақәа роуит шәҩыла акымзарак зхарамыз ауаа, убрахь иналаҵаны Урыстәылатәи аррамаҵзуҩцәа 72-ҩык

Ацәыӡ дуқәа шаиузгьы Аахыҵ-Уаԥстәыла, уи ахьчаҩцәа рфырхаҵареи ргәымшәареи ирыбзоураны ршьамхы адмырсит. Агрессор мчыла аҭынчрахь икылгаразы Урыстәыла ианаамҭаз еихнагаз ашьаҿақәа ирыбзоурахеит анаҩстәи ашьакаҭәара аанкылара.

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image