XXIV Амузыкатә фестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит...» аатит Аҟәа, С.Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа.
Аныҳәатә усмҩаԥгатә еизнагеит асасцәа рацәаҩны, Аԥсны Ахада Бадра Гәынбеи иԥшәмаԥҳәыси, Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков, аминистрцәа Реилазаара алахәылацәа, Жәлар Реизара адепутатцәа.
Хьыбла Гьерзмаа лыдгьыл гәакьаҿы Пиотр Востоков напхгара зиҭо аџьазтә оркестр Ду лыцны аконцерттә программа ҿыц ӡырылгеит.
Афестиваль апрограмма иалоуп Асовет ашәақәа реиԥш аклассикатә шәақәагьи. Инагӡан еицырдыруа акомпозициақәа, Фредерик Лоу имиузикл «Следи ссир» аҟынтәи Елиза лариа «Сара скәашар сҭахуп», иара убас «Амза иазку Ашәа» уҳәа убас егьырҭгьы.
Уаанӡатәи ашықәсқәа раан еиԥш аконцертқәа хәыда-ԥсадоуп.

