АХҬЫСҚӘА

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба иусԥҟала Аҩӡба Алиас Витали-иԥа аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы министрс дҟаҵоуп

Аҩӡба Алиас Витали-иԥа диит нанҳәамза 22, 1985 шықәсазы.
 
2001-2005 шш. - Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аҿы «Актиортә ҟазара» азанааҭ ала аҵара иҵон.

2005-2006 шш. – Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа рҿы аррамаҵзура дахысун. 
 
2006-2007 шш. – Краснодар ақалақь аҿы ИАЕ «СЭНЕМИ» аспециалист хадас дыҟан.
 
2006-2008 шш. – аусутә центр «Феникс» адиректорс дыҟан.
 
2008 -2014 шш. – ауаажәларратә еилакы «Аԥсны аҿар» ахантәаҩыс дыҟан.
 
2009-2014 шш. – Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу академиаҿы «Аҳәынҭқарратәи амуниципалтәи усбарҭа» азанааҭ ала аҵара аҵара иҵон.
 
2014-2015 шш. – Аԥсны аҵареи, аҭҵаарадырреи, аспорти, аҿартә политикеи рминистр ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.
 
2015-2017 шш. – Аԥсны аҿартә политиказы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩыс дыҟан.
 
2014-2022 шш. - Аԥснытәи аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр дактиорын.
 
2022 ш.инаркны Аинтернационалтә бригада «Пиатнашка» даланы Иҷыдоу арратә операциа далахәуп, 1-тәи абаталион дакомандируп.
 
2023 ш. инаркны ауаажәларратә лагалақәа рыла Урыстәылатәи Афедерациа аҵара аминистр иабжьгаҩыс дыҟоуп.

2026ш. лаҵарамза 5 рзы Аԥсны атәыла ахада ицхырааҩыс дыҟан.
 

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image