АХҬЫСҚӘА

Ашьацԥшшәы шьацҳәақәа зыҵдаз…

Иахьа аԥхьаҩ идызгало агәалашәарақәа знызаҵәыкгьы џьара еиҭасымҳәац, сҭаацәаҵәҟьагьы ирыздыруам. Иаԥхьогьы сырзеилымкаар ҳәа сшәоит, аха аҵакы шәнырып ҳәа сгәы иаанагоит.

 Аибашьра алагара мышқәак шагыз, ҳҭаацәа ҳахҩы хшара ҳаашьҭырхын, Аҟәаҟа ҳааргеит, ашколҭалара ааигәахон, амаҭәа ҿыцқәа ҳзаахәатәын. Аҽны даара акыр ҳныҟәеит, ҳааԥсеит, амаҭәақәа ааҳхәеит, аха ашьаҵатәы аанхеит.

Сашьеиҳабы игәаԥхаз, асахҭан иалхыз аимаа еиқәаҵәақәа рыхә маҷмызт, аха 13 шықәса ихыҵуан аҟнытә, маҷк иҟазшьа цәырганы, убарҭ изаархәарц азы иҽирххон. Ҳара ҳҳәатәы аргара азин ҳазымҭоз ҳҭаацәа, излаҟалаз сыздыруам аха, урҭ асахҭантә шьаҵақәа раахәара иақәшаҳаҭхеит. Ҳныҩналеит усҟан акык-ҩбак рыда иҟамыз «комиссионный» ҳәа изышьҭаз дәқьанк. Уаҟа аҷкәынцәа ршьаҵатәқәа реиԥш, ирҭиуан аӡӷабцәа реимаақәагьы.

Абраҟа сылаԥш нақәшәеит даараӡа иԥшӡаз, ашьацԥшшәы шьацҳәақәа зыҵдаз аимаа еиқәаҵәақәа. Сашьа иеимаақәа ишьарҵонаҵы, игәарҭонаҵы сара исгәаԥхаз ашьаҵатәқәа нарҳәы-аар­­ҳәуа искын. Зны иқәсыргылон, зны иқәысхуан. Ари саб игәеиҭеит. Аха сашьа илеишәа ахьирцәгьаз сацәшәаны ҿысҭӡомыз.

–Ибгәаԥхама? , – иҳәеит саб. Аха сара аҭак исымҭаӡеит. Арахь анҭ ашьаҵақәа сыԥсы рылоуп. Ара бааи, – иҳәан, ҟәардә хәыҷык гылан, снықәиртәеит. Абанҭ аимаақәа ҳашәҭ иҳәан, – сыԥсы злаз ашьаҵақәа рышҟа инапы наирххеит. Сан лакәзар, урҭ рҩызцәа ашкол ашҟа илышьалҵар руӡом ҳәа даақәгылт. Азныказ исызцәырҵыз агәырӷьара, сымпыҵышшо иалагеит.  Ашкол ахь ирымур, даҽаџьара илышьабҵалап, – иҳәан, саб исзааихәеит. Аха сара аҵыхәтәанынӡа агәра сызгомызт убарҭ ашьаҵақәа сзаархәоит ҳәа. 

Ақалақь аҟынтәи аҩныҟа амҩа ҳақәын. Сгәырӷьара ҳәаак амамызт. Ашколҭалара анбааиуеи ҳәа сгәы хыҭ-хыҭуа сыԥшын.  Сеимаа ԥшӡақәа знык иадамзаргьы ианбасышьасҵои ҳәа. Аҩны ҳанаааи, зегьы реиҳа хәы змаӡам акы акәушәа сшьаҵа хәыҷқәа наганы суадаҿы ашкаф инҭасыргылт, цәыббра мза акы азы урҭ сышьаҵаны ашкол ахь сышцо сазхәыцуа. Аха…

Саб абизнес инапы алакын. Август 14 аҽны, ашьыжь шаанӡа аҳәаа дахысны, Украинаҟа амҩа дықәлахьан. Сан Тҟәарчал аџьармыкьаҿ дыҟан. Ус, саб иашьа иԥа аиҵбы Алиас хәыҷы дыҩны дааит, «аибашьра иалагеит, аибашьра иалагеит», – ҳәа дӷьаҵәыӷьаҵәуа. Убри аамҭазы Ҭхьынеи Тҟәарчали ирыбжьаз автобусгьы агәашә аԥхьа иаангылт. Сан даанагеит. Усҟан сангьы ари ажәабжь хлымӡаах лаҳахьан.

Абас иалагеит Аџьынџьтәылатә еибашьра. Саб иакәзар, ҩымз инареиҳаны ихабар ҳаздырӡомыз. Анаҩс, маӡала мрагыларахьтәи афронт ашҟа иԥыруаз аҳаирпланқәа руак дацааит, абџьар иманы.

Аибашьра цон, ҳҵеицәа ҭахон. Уажәы-уажәы икаҳауаз аснариадқәа ҳарцәырхьчарц азы ан­а-ара ҳҭаацәа ижны ирымаз аҭабиақәа рышҟа ҳаҩуан. Сааҭла уаҟа ҳхәыҵатәан. Мамзаргьы «Град» ҳәа изышьҭоу аибашьыгала Тҟәарчал артҟәацгақәа аналарыжьуаз, ҳабла ҭраа ҳгыланы ҳаԥшуан, иахьагьы урҭ асахьақәа сыбла ихгылоуп.

Ахәыҷра хәыҷроуп, иара атәы ҟанаҵоит. Аибашьра шцозгьы, ашәара ҳашҭагылазгьы, ани ашкаф иҭаргыланы исымаз сшьаҵақәа схашҭӡомыз. Уажәы-уажәы инҭыганы сахәаԥшуан. Исыцәхәыҷхар ҳәа сшәаны, исышьаҵаны игәасҭон…

Аибашьра ианалага инаркны ҩымзҟа ааҵхьан еиԥш, саб иашьа иԥа дырхәит. Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҟны дышьҭан. Мчыбжьык аҟара ааҵуаны, сан баала Омар ибара бызгоит, – лҳәеит. Хымԥада уи сара даара сеигәырӷьеит. Дырхәит ажәа анырҳәоз, сшәон амц сыржьозар ҳәа, иԥсы ҭаны дызбар сҭахын. Убасҟан сгәырӷьара иҵегьы иацлеит. Тҟәарчалҟа ахәышәтәырҭахь сахьцоз исышьасҵон сыԥсы злыхәхәа ашкаф иҭаргыланы исымаз ашьацԥшшәыла шьацҳәақәа зыҵдаз сшьаҵақәа. Ахәыҷра…

Шарида Торчуа

 

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image