Лев Кәыҵниа имаҵураҟынтәи ихы иақәиҭтәразы ииҩыз арзаҳал шьаҭас иҟаҵаны Бадра Гәынба инапы аҵаиҩит аусԥҟа.
Лев Кәыҵниа Урыстәыла арегион ҿыцқәа — Донецктәи жәлар рреспубликеи, Лугансктәи жәлар рреспубликеи, Запорожиатәии, Херсонтәии аобластқәа аус рыцура иациҵоит, Аԥсны ахада ихаҭарнак ҷыда инапынҵақәа рынагӡаҩ иаҳасабала.

