Пицундатәи ауахәамаҿы имҩаԥысуаз афестиваль афбатәи, ахыркәшаратә мшы Амшын Еиқәа аԥшаҳәаҿы еиднакылеит еицырдыруа амузыкантцәеи хыԥхьаӡара рацәала аклассикатә ҟазара абзиабаҩцәеи. Ахыркәшаратә концерт хыԥхьаӡара рацәала ауаа аднгалеит.
Афестиваль мҩаԥысуан фымш, уи иалагӡаны имҩаԥган 11 концерт. Апрограмма иалалеит асимфониатә, ахортә, акамертә рҿиамҭақәа.
Афестиваль асахьаркыратә напхгаҩы Барас Кәыџба амчыбжь аихшьаалақәа ҟаҵо иазгәеиҭеит афорум иҷыдоу атмосфера шацыз.
«Сынтәа ҳара иҳалшеит программак аҿы асимфониатә, ахортә, акамертә музыка аидкылара. Артистцәа ссирқәеи, атеатр ду ашәаҳәаҩцәеи, Акапеллеи Свешников ихьӡ зху Ахортә академиеи рхаҭарнакцәеи ҳареи арҿиамҭақәа еицынаҳагӡон. Ҳара ҳзыҿцәажәоз, аус зцаҳуаз амузыкантцәеи ҳҩызцәеи рымчхара агәазыҳәара унаҭаҵәҟьоит. Афестиваль амиссиа хада аҟазара амч ала ауаа реидкылара акәын, уи шә-процентк рыла инагӡан» - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Кәыџба.
Ахыркәшаратә концерт кульминациас иаиуит Пицундатәи афестиваль Жәларбжьаратәи асимфониатә оркестр (асахьаркыратә напхгаҩы – Барас Кәыџба), Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла (асахьаркыратә напхгаҩы – Нодар Ҷанба), Москватәи аконсерваториа Акамертә хор (асахьаркыратә напхгаҩы – Александр Соловиов) реицықәгылара.
Апрограммаҿы рҿиамҭа хаданы иҟалеит Лиудвиг ван Бетховен иҩымҭа «Афортепианои, ахори, аоркестри рзы афантазиа». Адирижиор - Барас Кәыџба, афортепиано асолотә партиа наигӡеит апианинорҳәаҩы Арсени Тарас-иԥа Николаев.

