Аоперативтә еилацәажәара мҩаԥылгеит акоррупциа аҿагыларазы азакәанԥҵара анагӡара азини ахылаԥшреи русбарҭа аиҳабы Зарина Соблирова.
Аилацәажәара рхы аладырхәит Аҟәеи ареспублика араионқәеи рыпрокурорцәа, иара убас арратә, атранспорттә, аԥсабарахьчаратә прокурорцәеи урҭ рыцхырааҩцәеи.
Алахәылацәа азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа рашәарамза 26, 2026 шықәсазы имҩаԥыргаз аилацәажәара аӡбамҭақәа рынагӡара иалацәажәеит. Еиҳарак ахшыҩзышьҭра арҭеит акоррупциатә цәгьоурақәа рыҭҵаара апрокурортә хылаԥшра.
Иара убас, атәылауаа рзинқәа, анаплакратә усура, адгьылтә, ашәахтә, абиуџьеттә закәанԥҵара ирыҵаркуа азинтә актқәа ргәаҭара азҵаарақәа ирыхәаԥшит.
Аилацәажәара аихшьаалақәа рыла апрокурорцәа рнапы ианҵоуп , аҩбатәи ашықәсбжазы анагӡаратә мчра аусбарҭақәа акоррупциа иаҿагыло азакәанԥҵара ақәныҟәареи ирыдыркыло аӡбамҭақәа рзакәанреи ргәаҭарақәа мҩаԥыргарц. Иара убасгьы иалкаауп анапынҵақәа рынагӡара аҿҳәара, иазыԥхьагәаҭоуп ареспублика араионқәа рҿы анҭыҵтәи акоординациатә еилацәажәарақәа.

