Ажәабжьқәа

Шәачеи Аҟәеи еимаздо аӡаҵаҟатәи амҵәыжәҩақәа змоу аӷба «Комета120М» нанҳәамза 10 инаркны аихшанҵа ҿыц ахь ииасуеит

Аекономика аминистрра ишаанацҳауа ала, ареисқәа бжьазаауеит мчыбжьык ахь хынтә — ахашеи, ахәашеи, амҽышеи. Шәачантәи идәықәлоит асааҭ 09:00 рзы (аҭалара иалагоит асааҭ 08:00 инаркны), Аҟәантәи — асааҭ 17:00 рзы (аҭалара иалагоит асааҭ 16:00 инаркны).

Иара убас аҽаԥсахуеит ахәԥсагьы. Ганкахьы ацаразы абилеҭ ахәԥса иартәоит:
адуцәа рзы — 2 800 мааҭ;
ахәыҷқәа рзы — 1 400 мааҭ;
азинҷыда змоу рзы -2 520 мааҭ.
Ацаны ааразы абилеҭ адуцәа рзы 4 000 мааҭи ахәыҷқәа рзы 2 700 мааҭи артәоит.

Азинҷыда рымоуп аветеранцәеи аибашьра алахәылацәеи, Чернобыльтәи АЕС аҿы иҟалаз амашәыр ахҟьаԥҟьақәа раԥыхраан ааха зауз, атәанчаҩцәа, ашколхәыҷқәа, латәарала аҵара иҭо астудентцәа, ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа. Азинҷыдатә, ма ахәыҷтәы билеҭ аиуразы уи шьақәзырӷәӷәо адокумент цәыргатәуп.

Аекономика аминистрра адыррақәа рыла, лаҵарамза 15 инаркны нанҳәамза 5-нӡа «Комета 120м» 16 реис ҟанаҵеит, 1 323-ҩык апассаџьырцәа иианагеит.

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image