Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru
Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Ҭемыр Агрба иҟаиҵаз ааԥхьараҿы иазгәеиҭеит Аҟәа адунеи аҿы ижәытәӡатәиу ақалақьқәа ишреиуоу, ажәларқәа аӡәырҩы рҭоурыхи, ркультуреи, рлахьынҵақәеи ахьеиларсу ҭыԥны ишыҟоу.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, аветеранцәа, аррамаҵзурауаа, иҭахаз ранацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Урыстәыла аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аделегациа ареспубликахь иааит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аԥҵоижьҭеи 20 шықәса аҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы.
Ахәмарра мҩаԥысуан ҷыдала иргылаз асценаҿы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аԥхьа.
«Ҩажәа шықәса – ари ахамеигӡареи аџьабаа дуи зцу, шәзанааҭдырра ҳаракы аазырԥшуа ҳәаауп. Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны зегь реиҳа иуадаҩу, ишәарҭоу аамҭақәа рзы еснагь ацхыраара шәазыхианы, узықәгәыӷша маҵзураны шәхы аашәырԥшит.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи, Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Ҭаҭарсҭан араис Русҭам Минниханови Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥысуаз аҭаҭартә ныҳәа Сабантуи рхы аладырхәит. Аиҿкааҩцәа асасцәа ҳамҭас ирырҭеит аныҳәа асимвол ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны усутә визитла иҟоу Ҭаҭарсҭан Ареспублика араис Рустам Минниханов диԥылеит.
«Аҳҭнықалақь аԥшаҳәа ауаа аднаԥхьалоит, уи аекономика аҿиаразы лагала дууп, аусурҭатә ҭыԥқәа аԥнаҵоит, абиуџьет ахашәалахәқәа еизҳауеит», – иҳәеит Кириенко.
«Аханатә иҟан акритикагьы агәыҩбарагьы, аха иахьа ҳара иаабоит алҵшәа. Зегьы ҟаҵоуп ишахәҭоу еиԥш хаҭабзиара ҳаракыла, шәышықәсала аҟалақьа ауааԥсыра аргәырӷьалартә еиԥш.
«Аҟәа ақалақь ауааԥсыра Ареспублика Башкортосҭан (Урыстәылатәи Афедерациа) аԥшаҳәа ахәҭа аиҭашьақәыргыларазы иҭабуп ҳәа рарҳәоит»,- аҳәоит аҭаӡҩыраҿы иану аҩыра.
Аартра ацеремониа иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко
Аԥшаҳәа аартра рнапы ианырҵеит Аҟәа ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәа. Ахәыҷқәа аԥшаҳәа ианысит ԥшытәы рацәала еилоу апы́шҭақәеи, Аԥсны, Урыстәыла, Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәа рбираҟқәеи рыманы.
Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru
Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com
