Ажәабжьқәа

Аԥсны Ахьыԥшымреи азхаҵареи – 18 шықәса

18 шықәса ҵит Урыстәыла аганахьала Аԥсны Ахьыԥшымреи аҳәынҭқарратә суверенитети азхаҵахеижьҭеи. 2008 шықәса август 26 азы Апрезидент Дмитри Медведев Иусҧҟала Урыстәылатәи Афедерациа официалла иазханаҵеит Аҧсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Аахыҵ-Уаҧстәылеи. Д. Медведев иҟаиҵаз аҳәамҭаҿ иаҳәоит:

 Ҳаҭыр зқәу Урыстәыла  атәылауаа!

Шәара, хымҧада, ижәдыруеит  Аахыҵ-Уаҧстәыла иҟалаз  атрагедиа атәы.  Қырҭтәыла  архәҭақәа  ҵхыбжьон  Цхинвал иахьалахысыз  иахҟьаны шәҩыла  аҭынч  уааҧсыра  ҭахеит.  Иҭахеит  Урыстәыла  абжьаҟазаҩцәа, аҳәсеи,  ахәыҷқәеи,  абыргцәеи рыхьчаразы  аҵыхәтәанынӡа  зуалҧшьа  назыгӡаз.

Қырҭтәыла анапхгара ООН Аҧҟаҧҵеи, жәларбжьаратәи аиқәышаҳаҭрақәа рганахьала  рхашҟа иргахьаз ахыдҵақәеи еилаганы, бџьаршьҭыхлатәи аимак аҧшьнагеит. Уи иампыҵахәхеит аҭынч  уааҧсыра. Абри аҧеиҧшын  Аҧсынгьы. Лабҿаба  уаҩы ибоит  Қарҭ иаалырҟьаны,  мацәысеимҟьараҵас аиааира агара агәы ишҭаз,  усҟан  адунеи ауаажәларра  рҿаҧхьа  иҟалаз ҟалеит ҳәа иаақәгылон. Рхықәкы  алыршаразы  уаҩрак  зламыз  амҩа ылырхит – жәларык  зегьы  ықәхны  Аахыҵ-Уаҧстәыла адҵара.

Ари раҧхьатәи  ҽазышәараны иҟамызт. 1991 шықәсазы Қырҭтәыла  Апрезидент Гамсахәырдиа «Қырҭтәыла  ақырҭцәа рзы» ҳәа  ааҧхьара ҟаҵаны  – Аҟәеи  Цхинвали ргаразы адҵа ҟаиҵеит. Зықьҩыла иҭахаз, жәанызқьҩыла ахҵәацәа, еимҵәаз  ақыҭақәа – абар усҟан уи иахылҿиааз. Урыстәыла убасҟан  аҧсуа жәлари ауаҧс жәлари  рықәхра ааннакылт. Ҳара ҳтәыла бжьацәажәаҩны, бжьаҟазаҩны иқәгылт,  политикала аҭыҧ ақәҵара алыршауа.  Убри  аан ҳара шьаҭас иҟаҳҵон Қырҭтәыла атерриториатә акзаара азхаҵара.

Қырҭтәыла анапхгара даҽа мҩак ианылеит. Аиҿцәажәарақәа  реиҧырҟьара,иалыршаз аиқәышаҳаҭрақәа ратәамбара,  аполитикатәи арратәи  цәыҵаҩысҭаарақәа, абжьаҟазаҩцәа  рықәлара – абарҭқәа зегьы ҕәҕәалаҵәҟьа  еиларгон ООН-и  ОБСЕ-и рыцхыраарала аимак ахьыҟаз аҭыҧқәа  рҿы ишьақәыргылаз арежим.

Урыстәыла  ахачҳара  аанарҧшуан. Ҳара  зныкымкәа ҳрыҧхьахьан  аиҿцәажәарақәа  рстол иахатәарц, Косово ахьыҧшымра ганкы  мацарала ианрыларҳәа ашьҭахьгьы  ҳара ҳпозициа ҳацәхьамҵит. Аха  амч  ахамырхәаразы  Аҧсни Аахыҵ-Уаҧ­стәылеи  рҟны аиқәышаҳаҭра  бжьаҵатәуп ҳәа  ақырҭуа ган ашҟа иҟаҳҵоз  ажәалагалақәа  ҭакда иаанхеит.  Рыцҳарас иҟалаз,  урҭ ирхамҵгылт  НАТО аҿгьы,  уимоу  ООН аҿгьы.

Уажәы  еилкаауп: аимак  ҭынчмҩала  аҭыҧ ақәҵара  Қырҭтәыла  апланқәа  рҿы иарбамызт. Қырҭтәыла  анапхгара иааҟәымҵӡакәа аибашьра аҽазыҟаҵара иаҿын, адәныҟатәи рыдгылаҩцәа иҟарҵоз  аполитикатәи аматериалтәи  цхыраара  еиҳагьы иарҕәҕәон урҭ хьырхәрада ишаанхоз.

2008 шықәса нанҳәамза  8 ауха  Қарҭ  даҽа  мҩак ианылт. Саакашвили  агеноцид алихит иполитикатә  усқәа  рыӡбаразыҳәан. Иара убриалагьы  инапала  аҵәаҕәа  рхьишьит  ҳәынҭқаррак аҿы ауаҧсцәеи,  аҧсуааи,  ақырҭцәеи ҭынчла  реицынхаразы  агәыҕрақәа зегьы. Аахыҵ -Уаҧстәылеи Аҧсни рыжәларқәа  имҩаҧыргахьоу ареферендумқәа  рҟны дара рҳәынҭқаррақәа  рхь­ыҧшымра иадгыланы рыбжьы  рҭихьеит.  Ҳара еилаҳкаауеит Цхинвал иҟалази, Аҧсны иҟарҵараны ргәы иҭақәази рышьҭахь  урҭ рлахьынҵа аӡбара азин шрымоу.

Аахыҵ-Уаҧстәылеи Аҧ­с­ни Рха­дацәа, ареферендумқәа рылҵ­шәақәеи рпарламентқәа рықә­ҵарақәеи шьаҭас иҟаҵаны,  Уры­стәыла ашҟа аҳәара ҟарҵеит Аахыҵ-Уаҧстәылеи Аҧсни  рҳәынҭқарратә  суверенитет азхаҵаразы. Афедерациа Ахеилаки  Аҳәы­нҭқарратә Думеи абарҭ ааҧ­хь­арақәа ирыдгылт.

Ишьақәгылаз  аҭагылазаашьа инақәыршәаны  ақәҵара адкылара аҭахуп. Ауаҧс  жәлари аҧсуа жәлари хақәиҭрала ргәаҳәара  ҳасаб азуа,  ООН Аҧҟаҧҵа аҧҟарақәеи,  аҳәынҭқаррақәа  рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа  ирыҵаркуа  жәларбжьаратәи азин апринципқәа  рзы  1970  шықәсазтәи  адекларациеи,  1975 шықәсазы  СБСЕ  Хельсинктәи  Ахыркәшаратә  нҵеи,  егьырҭ  азҧхьаҭагылазаашьатә  жәларбжьаратәи адокументқәеи  напхгагас иҟаҵаны – Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала  Аахыҵ-Уаҧ­стәыла  ахьыҧшымреи  Аҧсны  ахьыҧшымреи  разхаҵаразы  Аусҧҟақәа  снапы  рыҵазҩит.

Урыстәыла егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит иара аҿырԥшы иқәныҟәарц. Ари имариоу усмызт, аха ауаа рыԥсҭазаара аиқәырхаразы иакызаҵәыку мҩан.

Урыстәыла Афедералтә каналқәа рыла Медведев иҳәамҭа анддырба ашьҭахь, жәанызқьҩыла ауаа еизеит Аҟәа агәаны, Ахақәиҭра ашҭаҿы. Аӡәи-аӡәи еидырныҳәалон агәырҕьажәабжь ду. Еизаз рҿаҧхьа дықәгылеит Аҧсны Ахадас иҟаз Сергеи Багаҧшь.

2008 шықәса сентиабр 9 азы Москва ирылаҳәан Урыстәылеи Аҧсни рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара атәы, мышқәак ааҵуаны Аҟәа аофициалтә визитла дааит Урыстәыла Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров. Иазыӡбан Аҧсны Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аартра, иара убас Урыстәылан – Аҧсны Ацҳаражәҳәарҭа. 2008 шықәса сентиабр 17 азы анапы аҵаҩын Урыстәылатәи Афедерациеи Аҧсны Аҳәынҭқарреи реиҩызареи, русеицуреи, наҟ-ааҟ реицхыраареи рзы Аиқәышаҳаҭра.

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image